Амузеи аинтерактивтә експонат

© Sputnik Томас ТхайцукАхаҳә цәны иҟаҵоу аҽыкәабарҭа
Ахаҳә цәны иҟаҵоу аҽыкәабарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи амузеи "Абааҭа" аҿаԥхьа игылоуп рацәак улаԥш здызымхало ахаҳәтә ҽыкәабарҭа.

Аҽыкәабарҭа ашықәси иара ззырхои ртәы ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит Гагратәи амузеи "Абааҭа" адиректор, АБИГИ анаукатә усзуҩ Давид Канделаки.

Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа еиҭарҳәоит ахаҳә цәны иҟаҵоу аҽыкәабарҭа абжьаратәи ашәышықәсақәа ишыртәу, аберцәа абраҟа рыҽшыркәабоз. Аха уи агәыҩбара унаҭоит избанзар аҽыкәабарҭа ахышәа-ҵышәа хәыҷуп. Иҟалап амаҭәаӡәӡәара иазкызар. Аҭагылазаашьа ҳаилиркааит Гагратәи амузеи "Абааҭа" адиректор, АБИГИ анаукатә усзуҩ Давид Канделаки.

"Аҽыкәабарҭа ииашаны абжьаратәи ашәышықәсақәа иртәуп. Аха аберцәа араҟа рҽыркәабон ҳәа сыҟам. Иӡаахырҭазар ҟалап. Жәашықәса раԥхьа, археологиатә ԥшаарақәа раан Гагра араион иатәу ақыҭа Сулево аҟны иаабеит. Хатәы ҩнык агәашә аԥхьа игылан. Аҭыԥантәи ауааԥсыра, аестонеццәа роуп иаҳзырбаз. Шықәсқәак раԥхьа ақыҭа абааҟынтә иаагеит рҳәеит. Иара ахәшьара дара ирыздырамызт, амузеи азы иаагоит анаҳҳәа мап рымкит", — иҳәоит Канделаки.

Адиректор иажәақәа рыла аҽыкәабарҭа акрахыҵуеит. Иара ахьынтәаагоу абаа акәзаргьы абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы ирбган. Иҟалап аҭырқәцәа арахь раара иадҳәалазаргьы.

Аҵарауаа ргәаанагарала амаҭәар ӡаахырҭоуп.

© Sputnik Томас ТхайцукГагрский музей-заповедник "Абаата"
Гагрский музей-заповедник Абаата  - Sputnik Аҧсны
Гагрский музей-заповедник "Абаата"

Адәаҟны изгылои ҳәа ҳанҵаа, Давид Канделаки иҳәоит амузеиқәа рпрактикаҟны иҟоуп ахыбра аҩныҵҟа иузмыргыло амаҭәар хьанҭақәа, адуқәа ажәҩан аҵаҟа рыргылара ҳәа.

Ҳәарада, ари амаҭәар атуристцәа рзы аинтерес аҵоуп. Аҭоурых иатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0