Аԥенџьыр системақәа рыҟаҵаразы азауад Аҟәа араион Ачадара ақыҭан иҟоуп. Аилак аофис хадагьы ара иҟоуп, иара убас ацех дуқәа ҩбагьы.
Анаплак аҟны аус руеит 40-ҩык ауааԥсыра. Иҟоуп Шьамтәылеи Иорданиеи рҟынтәи арепатриантцәа. Иахьатәи аамҭазы аԥенџьырқәа аахәаҩ ишиҭахыу иҟарҵоит.
Раԥхьа аԥенџьыр акомпиутер аҿы апроект аздырхиоит, анаҩс иҟазҵо иус ахь диасуеит аахәаҩ игәазыҳәара иақәшәаратәы. Амашьына дуқәа зегь реиҳа ицәгьу аусура ҟарҵоит, ауаҩы иус — анапхгара ауп.
Аилак аартын 8-шықәса раԥхьа, уи аамҭа иалагӡаны иара Аԥсни алада Урыстәылеи иҟоу азауадқәа иреиҳақәоу ирхыԥхьаӡалахеит. Аилак апенџьырқәа рымацара рыҟаҵара иазкӡам, уи Урыстәылантәии Европантәии аалыҵ егьырҭ аилакқәа ирзаанагоит.

1/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Раԥхьа излалаго асаркьа аԥҟаралоуп. Иҷыдоу аишәа иқәырҵоит 2-3 метр иҟоу асаркьа. Асаркьа ииашаны иқәицоит аусзуҩ, иԥызҟо аппарат ииашан зегьы ҟанаҵап ҳәа.

2/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асаркьақәа анԥырҟалакь ашьҭахь, ирыӡәӡәоит. Аусзуҩцәа изланаргаарго иазырҳәоит "арфа" ҳәа.

3/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ари аппарат аҿы асаркьа рыӡәӡәоит, имҟьшьырц азы, анаҩс идырбоит.

4/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Нас асаркьақәа еидырҵоит апресс ала.

5/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арҭ арамақәа рхы иадырхәоит асаркьақәа реидҵараан. Аусуҩ иахәҭоу ашәагаа алихуеит.

6/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арама акәакьқәеи апериметри агерметик ахьыршьоит.

7/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ихиоу асаркьақәа агерметик бзианы изыхьшьу, сааҭқәак инрыжьуеит ибаразы.

8/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Егьи ацех аҿы аусуҩцәа аԥенџьыр арамақәеи астворкақәеи ҟарҵоит.

9/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акомпиутер ала аус зуа ахьархь апластикатә цәаҳәақәа ԥнаҟоит.

10/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ара арама акәакьқәа еидырҵоит.

11/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анаҩс арама арӷәӷәага арҭоит, уи аԥенџьыр ибзианы иакуа иаатуа иҟазарц азы ауп, иара убас аԥша кыламсларцаз.

12/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арама аҿы афурнитура шьақәдыргылоит.

13/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Афурнитурақәа еиԥшӡам, аԥенџьыр ашәагаа зеиԥшроу иақәшәоит.

14/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥенџьыр арама аҟаҵара сааҭбжак еиҳаны иагом.

15/15
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абар ихиоуп аԥенџьыр арамақәа, шьҭа ашьҭаҵарҭахь иргоит, уантәи иҿазҵаз иахь ицоит. Аԥенџьыр аҵыхәтәанынӡа еибырҭоит иахьышьақәдыргыло аҩнаҿы.