Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахьа иахыҵит 110 шықәса

© Sputnik Рада АжьиԥҳаУасил Агрба ихьӡ ӡху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахыҵит 110 шықәса
Уасил Агрба ихьӡ ӡху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахыҵит 110 шықәса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уасил Агрба ихьӡ ӡху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахыҵит 110 шықәса. Ари арыцхә инамаданы абжьаратә школ ахыбраҟны имҩаԥган акыр шықәса аҵарааӡара знапы алакыз арҵаҩцәеи аушьҭымҭацәеи злахәыз ахәылԥаз.

АҞӘА, мшаԥымза 2 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Уасил Агрба ихьӡ ӡху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахыҵит 110 шықәса. Ари арыцхә инамадан абжьаратә школ ахыбраҟны имҩаԥган акыр шықәса аҵарааӡара знапы алакыз арҵаҩцәеи, аушьҭымҭацәеи злахәыз ахәылԥаз. Аныҳәа иалагаанӡа еизаз зегьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан иҭахаз Мгәыӡырхәаа рҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Бзиала шәаабеит еизаз, ҳәа раҳәо аиԥылара ааиртит абжьаратә школ адиреқҭор Саид Гәынба.

"Мгәыӡырхәа аҩышьа-аԥхьашьа рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рызҭаз, иахьа ашкол зыхьӡ аху Уасил Агрба иоуп, ари ахҭыс ҟалеит 1906 шықәсазы, абар иҵит 110 шықәса. Ари ашкол иааӡеит хыԥхьаӡара рацәала аҵаҩцәа, иахьа аушьҭымҭацәа аӡәырҩы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны аус руеит, аиҳабырақәа змоугьы рацәаҩуп", — ҳәа иҳәеит адиректор Гәынба.

Анаҩс ииасит аофициалтә хәҭахьы, аҵаҩцәа азааҭгылеит ақыҭеи, ашколи рҭоурых. Инарҭбааны ирыхцәажәеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ашкол напхгара азҭоз анапхгаҩцәеи, аҵаратә процесс знапы алакыз арҵаҩцәеи.

Арҵаҩратә еилазаара аманшәалара шәзеиӷьасшьоит, шәҭоурых дууп, иҵаулоуп, аиҳабацәа ишьҭарҵаз атрадициақәа нашәыгӡалароуп, ҳәа лҳәеит Гәдоуҭа араион аҵара ҟәша аиҳабы Инна Џьуӷьелиаԥҳа.

"Ззанааҭи здырреи, аҿар рымҩақәҵара иазызкыз иахьа аус зуа аколлектив зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иҟалааит абри ашҭа аҟны ирацәаны абаҩхатәрақәа зҳауа, шәара арҵаҩцәа уи ацәыргараҿы агәабзиареи алшареи шәыманы, аусура агәыцԥыҳәара шәыгымхо иҟалааит",  -ҳәа ацылҵеит лара.

Ашколхәыҷқәа аҭоурых анаҩсангьы иаԥхьеит, Леуа Леиба арҵаҩцәа хатәрақәа ирыхьӡынҩыло иажәеинраалақәа, аныҳәа иалахәыз аекран аҟны идырбан акыр шықәса ари ашкол аҟны аус зуаз, иахьа тәанчара иҟоу арҵаҩцәа рфотосахьақәа, иара убас еиҿкаан ашколхәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыла ишьақәгылаз ацәыргақәҵа.

Мгәыӡырхәа ашкол аҭоурых адацқәа наӡоит 1906 шықәсанӡа, уи инаркны ауп аҵара лашарахь ақыҭауаа ршьаҿа анеихырга. Мгәыӡырхәа ақыҭан  иҟан алагарҭатә классқәа хԥа, анаҩсан  1947 шықәсазы Мгәыӡырхәа иргылан аа-класск змаз ашкол.

Мгәыӡырхәа абжьаратә школ  директорс даман Қарҭтәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Татиана Уасил-иԥҳа Габраа, уи лхаан иҟалеит абжьаратә школ, лара аус луан ари ашкол аҟны 30 шықәса, урҭ рахьынтә 15 шықәса директорс. 1961 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Мгәыӡырхәа ашкол анапхгаҩыс даман Таҷ Еснаҭ-иԥа Ԥилиа. Иара иҵареи, иаԥсуареи, иуаҩреи зегьы азикит аԥсуа ҵеицәа рааӡаразы.

Иара убас, ари ашкол аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс 28 шықәса аус луит Полина Дмитри-иԥҳа Ԥилиа. Акыршықәс аинеиԥанкыланы аҵара аҟәша еиҳабыс аус иуан Павел Ҳақы-иԥа Ԥкьын, Енвер Иван-иԥа Заде.

Ирацәаҩуп ари ашкол аҟны ҭаацәарала аус зуаз арҵаҩцәа, традициала арҵаҩратә ҭаацәара иреиуоуп Дмитри Кьаамын-иԥа Дбар, уи иаҳәшьцәа Дусиа Қьаамын-иԥҳаи, Хьыма Қьаамын-иԥҳаи рҵаҩцәан, дара акыр шықәса Аԥцхәатәи алагарҭатә школи, Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны аус руан. Аиҳабырарҵаҩратә абиԥара иацырҵеит Марина, Манана, Мимоза, Стелла Дмитри-иԥҳацәа Дбараа. Урҭ рангьы Кокосқьериа Нонна Владимир-иԥҳа акыр шықәса аус луан ашкол абиблиотека аҟны. Арҵаҩцәа рабиԥарақәа иреиуоуп Леиаа рҭаацәара, урҭ: Леиба Константин Григори-иԥа, уи иԥшәма Гәымба Емма Роман-иԥҳа,урҭ рҭаца Леила Владимир-иԥҳа Наҟоԥиа, урҭ рыԥҳацәа Валентинеи Надиеи.

1990- тәи ашықәсқәа рзы ашкол директорс дарҭоит Емма Роман-иԥҳа Гәымба. Аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь аамҭа уадаҩқәа ирыиааины ашкол ашә адмыркит. Емма Роман-иԥҳаи уи илывагылаз арҵаҩцәеи: Клава Константин-иԥҳа Хәытаба, Нанули Иван-иԥҳа Ӡкәыиа, Роза Шьарадын-иԥҳа Ажьиба, Нонна Мкан-иԥҳа Бебиа, Хьыма Уаҳаид-иԥҳа Кәарҷелиа, Валентина Хәаҭҳәаҭ-иԥҳа Папба, Борис Анатоли-иԥеи Леиба.

2005 шықәса инаркны 2010-нӡа ашкол ахантәаҩыс даман Инга Константин-иԥҳа Агрба, лара дыруаӡәкуп арҵаҩцәа рабиԥара иацызҵаз, араҟа рҵаҩыс аус иуан лаб Константин Агрба.

© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ
1/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
2/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
3/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
4/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
5/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
6/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
7/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
8/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
9/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
© Фото : мгәыӡырхәатәи ашкол архиМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ зыхьӡ ахыу Уасил Агрба
10/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ зыхьӡ ахыу Уасил Агрба
© Фото : Мгәыӡырхәатәи ашкол архивМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
11/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
1/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ
2/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
3/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
4/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
5/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
6/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
7/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
8/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
9/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа
10/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ зыхьӡ ахыу Уасил Агрба
11/11
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа

Иахьа Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ дахагылоуп ари ашкол аушьҭымҭа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә афакультет иалгаз Саид Виқтор-ипа Гәынба.

Атрадициа дуқәа змоу Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аушьҭымҭацәа иреиоуп: Ар рԥыза аинрал Сергеи Платон–иԥа Дбар, амилициа аполковник Рауф Алықьса–иԥа Ажьиба, Аԥсуа телехәаԥшра аиҳабы Леонид Шамел-иԥа Еныкь, адырраҭара "Аӡыхь" автор Гарри Дбар, Мгәыӡырхәаа ирызку ашәҟәы автор, Ахьӡ-аԥша ахԥатәи аҩаӡара аорден занашьоу Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аусуҩ, афилософиатә ҭҵарадыррақәа ркандидат, адоцент Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба. Аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуеит Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахантәаҩы Еныкь Аслан Михаил-иԥа, актриса Леиба Фрида Закан-иԥҳа, актиор Инал Витали-иԥа Ажьиба, актиор Шәарах Анатоли–иԥа Жьиба, Наида Константин-иԥҳа Леиба, Иура Михаил-иԥа Папцава, Валентина Константин-иԥҳа Леиба, Хатуна Валери-иԥҳа Дауҭиа, Илона Дбар, Арианда Гари-иԥҳа Леиба, афилологиатә наукақәа ркандидат Баҭал Витали-иԥа Шәлымба, Рада Анзор-иԥҳа Ажьиба, Даур Руслан-Иԥа Џьыкырба, дара рхыԥхьаӡараҟнытә зегьы ирылшо ала рышколи, рқыҭеи ахьыӡ аизырҳара иашьҭоуп.

Иахьа, Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ еиқәшәоуп арҵаҩцәа зегьы рыла, араҟа аус руеит 20-ҩык арҵаҩцәа, реиҳараҩык аҿар роуп, аҵара рҵоит 60-ҩык ашколхәыҷқәа. Ажәакала, ашкол жәытәнатә аахыс иамаз анарха амоуп иахьагьы.

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0