Абахҭа ҿыц аргыларазы иазоужьуп 15 гектар адгьыл

© Sputnik / Томас ТхайцукАусҳәарҭа ҷыда аргыларазы иалхыз аҭыԥ.
Аусҳәарҭа ҷыда аргыларазы иалхыз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахадеи Урыстәыла Ахадеи 2016 шықәса жәабран 18 рзы реиԥылараан иалацәажәеит ареспублика аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа апенитенциартә усҳәарҭа ҿыц аргылара азҵаара.

АҞӘА, мшаԥымза 5 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Ахадеи Урыстәыла Ахадеи 2016 шықәса жәабран 18 рзы реиԥылараан иалацәажәеит ареспублика аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа апенитенциартә усҳәарҭа ҿыц аргылара азҵаара. Убри инамаданы аргыларазы иазоужьуп 15 гектар адгьыл. Абри атәы ҳаиҳәеит Гәылрыԥшь араион Ахада Аслан Бараҭелиа.

"Атәыла Ахада идҵала абахҭа ахьҳаргылаша аҭыԥ алаҳхит. Иалаҳхит ҩ-ҭыԥк. акы – Шаумиановка, егьи – Дранда. Аҩбатәи аҭыԥ еиҳа ианаалоны иазыԥхьаӡахеит, уи аҟны ҳаангылеит", — иҳәеит Бараҭелиа.

Ахада иажәақәа рыла аусҳәарҭа ҷыда аргыларазы иалхыз аҭыԥ дақәшаҳаҭхеит атәыла Ахадагьы. Аиҳарак ауаа рацәа ахьынхо аҭыԥқәа ирцәыхараны иахьыҟоу азы.

Аслан Бараҭелиа иазиԥхьаӡоит абахҭа ҿыц аргылара иалнаршап ҳәа уа зшьаус зхызго ишахәҭоу рбара.

"Уаҟагьы иҭаку ҳаҷкәынцәа роуп. Еилкаауп урҭ ацәгьара шыҟарҵаз, аха иахьҭаку аҭыԥгьы анхара иақәшәо иҟазароуп адунеи зегь аҟнеиԥш. Иахьанӡа уи анапалакра залыршамызт", — иҳәеит иара.

Гәылрыԥшь араион Ахада иҳәеит уажәы адгьыл азы ашәҟәқәа реиқәыршәара ишаҿу.

Дранда иҟаз ашьаусҭҵааратә изолиатор ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо иҟам.

Аԥсны Ахадеи Урыстәыла Ахадеи 2016 шықәса жәабран 18 рзы реиԥылараан иалацәажәеит ареспублика аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа апенитенциартә усҳәарҭа ҿыц аргылара азҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0