Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аусеицуразы адокументқәа анапы рыҵаҩхоит

© AFP 2023 / MIKHAIL MORDASOVАахыҵ Уаԥстәыла . Архивтә фото.
Аахыҵ Уаԥстәыла . Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 10 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа раан анапы рыҵаҩхоит аусеицуразы адокументқәа хԥа.

АҞӘА, мшаԥымза 6 — Sputnik. Мшаԥымза 10 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа раан анапы рыҵаҩхоит Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни, Лугансктәи Донецктәи жәлар рреспубликақәеи рзакәанԥҵаратә органқәа рыбжьара аусеицуразы адокументқәа хԥа. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Южная Осетия.

Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратә еимадарақәеи рзы аилак ахантәаҩы игор Кочиев ишиҳәаз ала Мшаԥымза 10 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.

"Ҳара ҳахь иаараны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни, Лугансктәи Донецктәи жәлар рреспубликақәеи рзакәанԥҵаратә органқәа рҟынтәи ҳколлегацәа. Иара убасгьы ҳарзыԥшуп Ашьха Ҟарабах аҟынтәи асасцәа. Уа иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ иахьмырԥшыкәа урҭ арахь иаауеит", — иҳәеит иара.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни Рпарламентқәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит, Аахыҵ Уаԥстәылеи Лугансктәи Донецктәи жәлар рреспубликақәеи Рпарламентқәа рыбжьара апарламентбжьаратә усеицуразы Амеморандумқәа анапы рыҵаҩхоит.

Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Анатоли Бибилов иазгәеиҭахьан Аахыҵ Уаԥстәылеи Лугансктәи Донецктәи жәлар рреспубликақәеи Рпарламентқәа рыбжьара жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа анапы ахьрыҵаҩым иахҟьаны агәҭакқәа рзы Амеморандум ауп анапы зҵаҩхо ҳәа.

Адепутатцәа анапаҵаҩра иазырхиоу адокументқәа зегьы ирықәшаҳаҭхахьеит.

25 шықәса рыҩныҵҟа ареспубликаҟны имҩаԥысхьеит алхрақәа фба. Аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥысит 2014 шықәса, рашәарамзазы. Апарламент аҟны еиҳаны аҭыԥ ааннакылоит апартиа "Иаку Уаԥстәыла".

Ажәабжьқәа зегьы
0