Адыгатәи "алмас" Аԥсны

Анапаҵаҩра
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Нальмес", аԥсшәахь еиҭагазар "алмас" ахьӡхоит, аԥҵан 1936 шықәса рзы. 2016 шықәса жьҭаарамзазы иара иахыҵуеит 80 шықәса.

Ансамбль иалахәылоуп 70-ҩык артистцәа. Асахьаркыратә напхгаҩыси абалетмеистер хадаси дыҟоуп Адыгатәи Ареспубликаҟны зҽаԥсазтәыз артист Аслан Хаджаев.

"Нальмес" — ари сара сыԥсҭазаароуп. Арҭ баша ажәаӡам. Сара ари аколлектив аҿы сиит, асценахь сцәырҵит 1979 шықәса рзы. Ари сусуроуп ҳәа исҳәар иашам, ара сара сынхоит. Уахгьы-ҿынгьы уи ауп сызҿу. Уи ак ауп сзызхәыцуа, уи ак ауп сызҿу. Иахьатәи аамҭазы "Нальмес" — сыԥсҭазаара ҵакыс иамоуп", — абас иҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы.

Иара иажәақәа рыла, асабши амҽыши рыда, ашьыжь асааҭ жәаба инаркны хԥанӡа акәашаҩцәа аҿазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

"Нальмес" — Нальчик имҩаԥысуаз актәи Адунеизегьтәи адыга культура афестиваль алауреат. Жәларбжьаратәи афольклортә конкурсқәа рлауреат, дара мҩаԥысуан Ҭырқәтәыла, Еиду Арабтә Емиратқәа, Сириа, Бельгиа. Иара убас "Слава Адыгеи" амедал анашьоуп.


© Sputnik / Томас ТхайцукАдыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Нальмес", риубилеи инамаданы, аԥсуаа рзы идырхиеит иҿыцу апрограмма.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
1/14
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Нальмес", риубилеи инамаданы, аԥсуаа рзы идырхиеит иҿыцу апрограмма.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рнапқәа еибаркны аӡәык иеиԥш икәашоит, убри аамҭазы асценахь дцәырҵуеит аӡӷаб ашәырқәа лнапы иқәыргыланы, уи кавказаа рысасдкылашьа иасимволуп.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
2/14
Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рнапқәа еибаркны аӡәык иеиԥш икәашоит, убри аамҭазы асценахь дцәырҵуеит аӡӷаб ашәырқәа лнапы иқәыргыланы, уи кавказаа рысасдкылашьа иасимволуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Нальмес" аԥсуаа рзы иҷыдоу акәашара дырхиеит. Ансамбль "Аԥсуа ҿар рыкәашара" ддырбеит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
3/14
"Нальмес" аԥсуаа рзы иҷыдоу акәашара дырхиеит. Ансамбль "Аԥсуа ҿар рыкәашара" ддырбеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдыга жәлар рыԥсы, Кавказ аҭоурых – абри зегьы аныԥшуеит "Нальмес", иагьеимырдоит биԥарацыԥхьаӡа. Ансамбль акәашаҩцәа аҭауадцәа рыкәашара нарыгӡоит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
4/14
Адыга жәлар рыԥсы, Кавказ аҭоурых – абри зегьы аныԥшуеит "Нальмес", иагьеимырдоит биԥарацыԥхьаӡа. Ансамбль акәашаҩцәа аҭауадцәа рыкәашара нарыгӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи акәашарақәа иҷыдоу аҽазыҟаҵарақәа рҭахыуп, ааха уоургьы алшоит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
5/14
Кавказтәи акәашарақәа иҷыдоу аҽазыҟаҵарақәа рҭахыуп, ааха уоургьы алшоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәаԥшуәа даара иргәаԥхеит аҳәақәа злахәыз акәашара. "Нальмес" акәашаҩ убла хикыртә еиԥш дкәашеит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
6/14
Ахәаԥшуәа даара иргәаԥхеит аҳәақәа злахәыз акәашара. "Нальмес" акәашаҩ убла хикыртә еиԥш дкәашеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәаԥшцәа даара иргәаԥхеит акәашаҩцәа иршәыз акостиумқәа, урҭ кавказтәи астиль иақәшәон.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
7/14
Ахәаԥшцәа даара иргәаԥхеит акәашаҩцәа иршәыз акостиумқәа, урҭ кавказтәи астиль иақәшәон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Нальмес" иҿыцу апрограмма иабзоураны Нальчик имҩаԥысуаз актәи Адунеизегьтәи адыга культура афестиваль иалауреатхеит. Иара убас "Слава Адыгеи" амедал анашьоуп.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
8/14
Ансамбль "Нальмес" иҿыцу апрограмма иабзоураны Нальчик имҩаԥысуаз актәи Адунеизегьтәи адыга культура афестиваль иалауреатхеит. Иара убас "Слава Адыгеи" амедал анашьоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Нальмес" икәашеит ауапақәа рхы иархәаны.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
9/14
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Нальмес" икәашеит ауапақәа рхы иархәаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи акәашарақәа рҿы адаул хадара злоу акакәны иҟоуп. Ансамбль асолистцәа кавказтәи амотивқәа нарыгӡеит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
10/14
Кавказтәи акәашарақәа рҿы адаул хадара злоу акакәны иҟоуп. Ансамбль асолистцәа кавказтәи амотивқәа нарыгӡеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилаҭтә кәашарақәа - кавказтәи ажәларқәа ркультура иузаҟәымҭхауа иадҳәалоуп. Артистцәа акәашарала рыжәлар рҭоурых еиҭарҳәоит.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
11/14
Амилаҭтә кәашарақәа - кавказтәи ажәларқәа ркультура иузаҟәымҭхауа иадҳәалоуп. Артистцәа акәашарала рыжәлар рҭоурых еиҭарҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭауадцәа рҭоурыхтә кәашараҿы иубартә иҟоуп кавказтәи аӡӷабцәа еихатыруа ишыҟоу, арԥарцәа ргәы шымшәо.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
12/14
Аҭауадцәа рҭоурыхтә кәашараҿы иубартә иҟоуп кавказтәи аӡӷабцәа еихатыруа ишыҟоу, арԥарцәа ргәы шымшәо.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Нальмес" акәашаҩцәа есҽны аҽазыҟаҵаракәа мҩаԥыргоит ф-сааҭк, ахәаԥшцәа рҿынӡа кавказтәи акәашарақәа рҟазара наргарц азы.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
13/14
Ансамбль "Нальмес" акәашаҩцәа есҽны аҽазыҟаҵаракәа мҩаԥыргоит ф-сааҭк, ахәаԥшцәа рҿынӡа кавказтәи акәашарақәа рҟазара наргарц азы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдыга Республикеи, Ҟәбани зҽаԥсазтәыз артист, ансамбль "Нальмес" асахьаркыратә напхгаҩы Аслан Хаджаев зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит даара ибзианы, аԥхарра аҵаҵаны иахьрыдыркылаз азы.
Адыга жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Нальмес Аҟәа иқәгылеит. - Sputnik Аҧсны
14/14
Адыга Республикеи, Ҟәбани зҽаԥсазтәыз артист, ансамбль "Нальмес" асахьаркыратә напхгаҩы Аслан Хаджаев зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит даара ибзианы, аԥхарра аҵаҵаны иахьрыдыркылаз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0