Аԥсуа шәаҳәаҩ иқәҿиарақәа

© Фото : со страницы Саида Гобечия в FacebookСаид Гобечиа.
Саид Гобечиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Калининград имҩаԥысуаз, Зара Долуханова лыхьӡ зху ажәабатәи жәларбжьаратәи аконкурс "Янтарный соловей" финалистс дҟалеит.

АҞӘА, мшаԥымза 7 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Гнессинаа рыхьӡ зху РАМ авокалтә ҟәша аԥшьбатәи акурс астудент Саид Гобечиа хәажәкыра 28 инаркны мшаԥымза 5 рҟынӡа Калининград имҩаԥысуаз, Зара Долуханова лыхьӡ зху ажәабатәи жәларбжьаратәи аконкурс "Янтарный соловей" афиналистс дҟалеит.

Жәларбжьаратәи аконкурс иалахәын 50-ҩык ашәаҳәаҩцәа, 18 тәыла рҟынтәи.

"Аҭакԥхықәра ду шсықәыз збон. Стәылеи сырҵаҩцәеи рҿаԥхьа. Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ асценаҟны аҟазаара амчқәа снаҭон. Исылымшашаз сылнаршон", — иҳәоит Саид.

Аконкурс х-етапкны имҩаԥысуан. 50-ҩык алахәылацәа рҟынтәи афинал ахь инеиит 8-ҩык.

"Сара афинал аҟынӡа снеиит, аха иахәҭаны иҟаз абаллқәа сзымхеит, финалист-дипломант сакәхеит. Ари аконкурс адунеи аҟны еицырдыруеит. Сара сзы иара алахәреи афинал аҟны анеиреи акраҵанакуеит. Аконкурс сҽазыҟасҵон ԥшьымз инарзынаԥшуа", ҳәа иҳәоит Гобечиа.

Аконкурс апрограмма иалан еицырдыруа ашәақәеи аромансқәеи.

Саид Гобечиа Пицундатәи амузыкатә школ далгеит, афортепиано акласс ала. Нас, Гнессинаа рыхьӡ зху РАМ авокалтә ҟәша дҭалоит. Иахьазы аҵара иҵоит аԥшьбатәи акурс аҟны.

Зара Долуханова лыхьӡ зху жәларбжьаратәи аконкурс "Янтарный соловей" Урыстәыла зегь аҟны, зыпрограммаҟны акамертә вокалтә репертуар зланы иҟоу иаку конкурсуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0