Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәцҵа рызшәахоит

© Sputnik Томас ТхайцукСбербанк
Сбербанк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иацлоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицуреи аилахәреи рзы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иацлоит. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицуреи аилахәреи рзы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Абри атәы иҳәеит Аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Керселиан.

Акарточкақәа рыла атәанчахәы зауа атәанчаҩцәа рԥарақәа роур алшоит амза анҵәамҭазы. Акассақәа рҟны аԥара зауа, амза 18 инаркны иргар рылшоит. Иара иажәақәа рыла изныку атәанчахәыцҵа 40% роуеит 27,8 нызқьҩык атәанчаҩцәа, 2016 шықәса мшаԥымза азыҳәан. Иааидкыланы абжьаратә тәанчахәы ахышәа-ҵышәа Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҟны ирзыршәо абжьаратә тәанчахәы (10 179,65 мааҭ) еиҳамхароуп.

"Аԥарацҵа амҩаԥгара знапы алаку Урыстәыла атәанчахәытә фонди Урыстәыла Аџьа аминистрреи агәра ҳдыргоит аԥарақәа амза нҵәаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭхоит ҳәа", — иҳәоит Керселиан.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2015 шықәса мшаԥымзазы.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡара хықәкыс иҟаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0