Аибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа
Аибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьратә хысрақәа мҽхакыҭбаала имҩаԥган Гагратәи ашколхәыҷқәа рзы

ГАГРА, мшаԥы 20 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа рзы Гагра араион аҵара аҟәша имҩаԥнагоит аибашьратә хысрақәа. Сынтәа арратә-патриоттә ааӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьратә хысрақәа мҽхакы ҭбаала имҩаԥган. Уи рхы аладырхәит 253-ҩык аушьҭымҭацәа.

Анаукатә-практикатә конференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәқәа ргеит

Аибашьратә хысрақәа мҩаԥысуеит Цандрыԥшь аҳаблан, уи иазалхыз адәаҟны.

Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит араионтә арратә комиссариат. Дара ашколхәыҷқәа еиқәдыршәеит автоматқәеи апатронқәеи рыла.

Аҵаҩцәа, ашколтә программа инақәыршәаны маҭәарк аҳасабала иахысуеит арратә-патриоттә ааӡара. Араҟа арратә напхгаҩцәа иддырҵоит атеориа. Еиҳараӡак ахәыҷқәа зҿлымҳара зырҭо автомат Калашникова аимыхреи аибыҭареи ауп.

Хымԥада атеориа апрактикаҿы ишьақәырӷәӷәатәуп аҟнытә, араион аҵара аҟәша имҩаԥнагоит абас еиԥш арратә-патриоттә ҟазшьа змоу аус еиҿкаарақәа.

Аибашьратә хысраҿы, ахәыҷқәа аибашьыгатә патронла еибыҭоу автоматла ихысуеит. Уи алагьы дара лабҿаба ирбоит абџьар аҟазшьа ҷыдақәа.

"Аибашьратә хысрақәа ирылахәу аҿар, аԥсадгьыл уаҵәтәи ахьчаҩцәа роуп. Убри аҟнытә дара еилыркаароуп, ирбароуп абџьар иамоу амч, убасҟан ауп адунеи аҟны еицырдыруа Калашников иавтомат рнапаҿгьы ианаарго", — иҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Программала иазԥхьагәаҭан х-цәҟьарсҭак ҩынтә-ҩынтә аихсра. Урҭ иреиуан агәышԥытә цәҟьарсҭа, иҩуа ацәҟьарсҭа, ахыԥсаҟьагаҩ.

Ашколхәыҷқәа аибашьратә хысрақәа иазыҟазҵаз арратә напхгаҩцәа разгәаҭарақәа рыла, рааӡамҭацәа рхы бзианы иаадырԥшуеит.

Реиҳараҩык ԥшьынтә-хәынтә ацәҟьарсҭақәа ирықәшәеит.

Арԥарцәа рнаҩс аибашьратә хысрақәа ирылахәын аҭыԥҳацәагьы.

"Есышықәса имҩаԥааго ахысрақәа рхы рыладырхәоит аҭыԥҳацәагьы. Иҟалалоит, дара арԥарцәа раасҭагьы алҵшәа бзиақәа анаадырԥшуа. Иубаратәы иҟоуп, ҷкәыни-ӡӷаби абџьар азнеишьа шырдыруа. Иахьатәи ахысрақәа адгьыл иқәианы ауп ишымҩаԥысуа. Убри аҟнытә ашколхәыҷқәа арратә напхгаҩцәа иддырҵеит иианы ахысра иадҳәалоу апозициақәа зегьы. Сара сыхәҭакахьала уаҵәтәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа арратә-патриоттә ааӡара рызназго зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит, аҿар ракәзар, абџьар аҭынч ԥсҭазаараҿы мацара рхы иадырхәалааит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион аҵара аҟәша арратә-патриоттә ааӡаразы аспециалист хада Гамлет Елбакиан.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа
Аибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Аибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа

Ашколхәыҷқәа рахьтә иҟан аибашьратә хысрақәа изныкымкәа зхы рылазырхәхьазгьы, иара убас згәы хыҭ-хыҭуа раԥхьаӡакәны абџьар аҭырҟьара иазыԥшыз.

"Сара аибашьратә хысрақәеи арра-спорттә хәмаррақәеи схы рыласырхәоит есышықәса. Убри аҟнытә сҩызцәа раасҭа еиҳа аԥышәа сымоуп. Хымԥада, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп, аҿар иаҳдырроуп абџьар азнеишьа. Жәытә аахысгьы аԥсуа егьырҭ амилаҭқәа дрылукаауан ибџьар ахархәашьеи аибашьраҿы иааирԥшуаз агәымшәареи рыла", — ҳәа азгәеиҭеит аибашьратә хысрақәа ирылахәыз Гагратәи абжьаратә школ №1, а-11-тәи акласс аҵаҩы Рамин Еныкь.

Ажәабжьқәа зегьы
0