Агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" раԥхьатәи аномер ҭыҵит 95 шықәса раԥхьа

© Sputnik / Томас ТхайцукГазета "Апсны"
Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1921 шықәса хәажәкырамза 4 инаркны аҭыҵра иалагоит аԥсуа милаҭҭә газеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", абри ахьӡ аманы актәи аномер ҭыҵит мшаԥымза 20 рзы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аԥсны Асовет мчра аиааира анага 1921 шықәса хәажәкырамза 4 инаркны иалагоит ареспублика акьыԥхь аҿиара аамҭа ҿыц. Аҭыҵра иалагоит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", абри ахьӡ аманы актәи аномер ҭыҵит 1921 шықәса мшаԥымза 20 рзы.

"1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа ибзоурала аҭыҵра иалагеит  агазеҭ "Аԥсны", ҩышықәса иҭыҵуан агазеҭ "Аԥсны" ахьыӡны. 1921 шықәсазы хәажәкырамза ԥшьба аҽны Асовет мчра анышьақәгыла анаҩсан, аредактор Миха Лакрба асовет аамҭа иақәнагахаша ахьыӡ ахыларц азы "Аԥсны ҟаԥшь" ациҵеит, ус иҟан 80-тәи ашықәсқәа рҟынӡа", — ҳәа иҳәеит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Владимир Қапба.

Агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь"актәи аномер аԥхьажәаҿы ажәлар ирабжьанагоит: "Аԥсны ахы иақәиҭхеит. Уи иахашәыршәыруеит Абираҟ ҟаԥшь, шәара шәшьала иаагоу, шәара шәеиҳабацәа шәнапы иадыркыз Абираҟ!"Актәи  аномер шамахамзар зегьы азкын Асоветтә Аԥсны.

"Дырмит Гәлиа аменшивикцәа ржьара илиршеит, агазеҭ аҭыжьра еиҿикааит, ус иҩуан иара "амилаҭ егьа имаҷзаргьы, аҵара бзиа змоу ауаа имаҷымқуа ирылиаар урҭ ахақәиҭрагьы роуеит, аҳәынҭқаррас ирыԥхьаӡогьы рхы ҟарҵоит" ҳәа. Ажәлар рыхдырра ашьҭыхра, аҵарахьы рхьарԥшра, ацәгьа аҽагылара абри акәын агазеҭ адаҟьақәа рыҟны ирыҩуаз. Агазеҭ ажәлар иртәхеит, ишнеи шнеиуаз ирацәаҩны иадҵаало иалагеит", — ҳәа ациҵеит Каԥба.

Агазеҭ "Аԥсны" усҟан акоммунисттә партиа анапы аҵаҟа иҟан, аиҳабыра иртәын, усҟан иара ҭыҵуан агазеҭ "Правда" аформат иаҟараны. Убри аамҭа азыҳәаны, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа ахьыӡ анаиу редактор хадацәас иаман: аԥҳьа дыҟан Самсон Ҷанба, уи иашьҭахь Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфеҭ Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа.

"Ажәлар рыхдырра аҿыхараҿы агазеҭ алшара шамаз анырба ауаа адыԥхьало иалагеит, ицәырҵит авторцәа ҿыццәа. Иахьатәи аҭоурых аҟны имаҷны рыхьыӡ ҳәоуп ажәлар ргәы иҵхоз атемақәа шьҭызхуаз, ацәгьеи абзиеи аилыргара иашьҭаз авторцәа: Иуа Коӷониа, Ӡаӡ Дарсалиа, Платон Шьаҟрыл, Дмитри Маан, Дмитри Аланиа, Николаи Патеи-ипа, Иван Аџьынџьал, Омар Чычаа – арҭ зегьы аиашаҳәаҩцәа, хара ихәыцуаз авторцәоуп", — ҳәа ациҵеит аредактор хада.

Акоммунисттә партиа анхыбгала агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, ахьыӡ ыргьежьын анкьа ишыҟаз еиԥш "Аԥсны" ҳәа иҭыҵуа иалагеит агазеҭ, иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0