Аҽаҩра аԥсуа нцәахәы Џьаџьа Церераҟны

© Фото : NasaАпланета маҷ Церера аҩадатәи аган аҟынтәи акратер афотосахьа
Апланета маҷ Церера аҩадатәи аган аҟынтәи акратер афотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥымза 27 рзы NASA асаит аҟны иакьыԥхьит апланета маҷ Церера аҩадатәи аган аҟынтәи акратер афотосахьа.

АҞӘА, мшаԥымза 27 — Sputnik. Акосмостә станциа Dawn имҩаԥнагеит апланета маҷ Церера аҩадатәи аган аҟны акратер афотоҭыхра, ҳәа аанацҳауеит NASA асаит. Акратер лыхьӡ ахҵоуп аҽаҩра аԥсуа нцәахәы Џьаџьа.

Акратер ахышәа-ҵышәа 21 километра артәоит. Афотосахьа ҭнахит автоматикатә станциа Dawn ажьырныҳәа 25 рзы, Церера аҟынтәи 385 километра ахьыбжьаз аҭыԥ аҿынтә.

Амаҵзура апланқәа рыла аспутник Церера аорбитаҿ иҟазаауеит 2016 шықәса абжаранӡа. Иара аусдҵа хадақәа иреиуоуп Церера агравитациатә дәқәеи иара акратерқәа рҟны иубо ашкәакәарақәа реилазаареи рыҭҵаара.

Аҵарауаа ргәаанагарақәа рыла акратерқәа рҟны аҵаа ыҟазар алшоит, апланета ахаҭагьы аџьыкхыш ҿысҭала ихыркызар ҟалоит.

Астанциа Dawn 2007 шықәса, цәыббрамзазы акосмадром Канаверел аҟынтәи аракета-мҩаԥгаҩ Delta 2 ахархәарала ишьҭуп. Церера аорбиталтә зонахь иара неиит 2015 шықәса хәажәкыра 6 рзы. Апланета маҷ Церера аҭҵаара иақәхарџьуп 500 миллион доллар.

Церера ааиртит 1801 шықәса рзы италиатәи астроном Џьузеппе Пиацци.


Ажәабжьқәа зегьы
0