Москва иҟоу аԥсуа диаспора "Агәалашәара ашәҟәы" аздырхиеит

© SputnikАгәалашәара ашәҟәы.
Агәалашәара ашәҟәы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа рхамшҭразы апроект азыдырхиеит Москва иҟоу аԥсуа диаспора.

АҞӘА, мшаԥымза 29 — Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа рхамшҭразы апроект азыдырхиеит Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ иаԥырҵеит иаку аинформациатә ресурс "Агәалашәара ашәҟәы", ҳәа аҳәоит адиаспора асаит.

Апроект "Агәалашәара ашәҟәы" хықәкны иамоуп Аԥсны афырхацәа рыхьӡ анаӡаӡатәра иаку аинформациатә ресурс ахархәарала. Абри атәы ҳалҳәеит апроект акоординатор Адица Гыцԥҳа.

"Апроект ааигәоуп ахы аныҵнахыз азы ҳархив аҟны макьаназ Аибашьра ду аветеранцәа 35-ҩык рзоуп информациас иҳамоу. Аха ҳара аԥшаарақәа ҳарҿуп", — лҳәоит Гыцԥҳа.

Апроект акоординатор лажәақәа рыла аветеранцәа рзы аинформациа аизгара мҩаԥысуеит АИХ ахархәарала.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Аԥснынтәи еибашьраҳәа ицеит 55 нызқьҩык, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа имхынҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0