Аиҳабырабжьаратә комиссиа алацәажәоит Аԥсни Урыстәылеи русеицура

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы афинанстә цхыраара аҭара зҵаара хаданы иқәгылоит аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 29– Sputnik. Аиҳабырабжьаратә комиссиа ажәаҩатәи реилатәараҟны иалацәажәоит Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицура. Аилатәара мҩаԥысуеит ахәаша, Аҟәа.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы афинанстә цхыраара аҭара зҵаара хаданы иқәгылоит аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҟны. Аилатәара алахәылацәа иара убасгьы иалацәажәоит 2017 шықәсанӡа Аинвестициатә программа анагӡара азҵаарагьы.

Аилатәара иалахәуп Аԥсны Аԥыза-министр, акомиссиа аԥсуа хәҭа ахантәаҩы Артур Амқәаб, Урыстәыла аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акомиссиа аурыс ган ахантәаҩы Александр Хлопонин, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов, Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа, Урыстәыла Афедералтә казначеира анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Станислав Прокофиев.

Ажәабжьқәа зегьы
0