Давутоглу: Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи еимадазароуп

© Sputnik / Сергей Кузнецов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла Аԥыза-министр Аҳмаҭ Давутоглу. Архивтә фото.
Ҭырқәтәыла Аԥыза-министр Аҳмаҭ Давутоглу. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист изҵаара "Иалшома аҭырқәа ар Шьамтәыла ралагалара иаҿагыланы Урыстәыла урҭ абомбақәа рықәрыжьуа иалагар?" аҭакс Давутоглу "мап" иҳәеит.

АҞӘА, лаҵарамза 4— Sputnik. Ҭырқәтәыла Аԥыза-министр Аҳмаҭ Давутоглу Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи иҟоу аилибамкаарақәеи аибарххарақәеи ирыхьмырԥшыкәа аинырра рымазароуп иҳәеит. "Ҳара ҳхымҩаԥгашьа шыҟац иаанхоит. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи еснагь еигәылоу ҳәынҭқаррақәан. Иахьагьы урҭ арегион аҟны акрызҵазкуа тәылақәаны иҟоуп. Аҳаирплан ахҭыс хаҭала Урыстәыла иазырхаз акакәны иҟамызт" иҳәеит иара ателеканал Jazeera Turk, аинтервиу аҭо.

Ажурналист изҵаара "Иалшома аҭырқәа ар Шьамтәыла ралагалара иаҿагыланы Урыстәыла урҭ абомбақәа рықәрыжьуа иалагар?" аҭакс Давутоглу "мап" иҳәеит.

"Урҭ адгьылқәа урыстәылатәқәам. Урыстәыла ООН иалахәылоуп. ИГИЛ иаҿагылан ақәԥараҿы ООН агәаанагара зегьы еицырдыруеит. Ҳара иарбанызаалак тәылак аҿагылара ҳҭахым. Уаанӡатәи ҳаизыҟазаашьақәа акыр иҭышәынтәалан. Иаҳҭахуп ԥхьаҟагьы урҭ еиҭашьақәгыларц. Аха амилаҭтә шәарҭадара азҵаараҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", — иҳәеит иара.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьаақәа уадаҩхеит ҭырқәтәылатәи аруаа урыстәылатәи аҳаирыплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь. Абри аинцидент ашьҭахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0