"Ари аспектакль уаанӡагьы аус адызулахьан, ахаԥшьгаратә театр аҟны иқәсыргылахьан, иара убас 15-16 шықәса раԥхьа Тҟәарчалтәи атеатр аҿы. Уажәы, Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭо аҿар ртеатр аҿы ақәыргылара сыдыргалеит. Ари апиеса гәыцәс иамоу атема аибырххара, амцҳәара, ахымҩаԥгашьа уажәтәи ҳаамҭа иақәшәо иҟоуп. Ҳархәыцып ҳәа ауп изықәҳаргылазгьы, ҳара ҳтәала даара иактуалтәуп, иаҳзааигәоуп", — иҳәеит аспектакль арежиссиор Шьалуа Гыцба.
Арежиссер иажәақәа рыла, атеатр актиорцәеи иареи русеицура алҵшәа бзиақәа аиуит.
"Ари аколлектив рылшарақәеи, рдыррақәеи, ирхәмархьоу арольқәеи ртәы бзиаӡаны издыруеит, убри аҟынтә сымгәаҟӡеит арольқәа ршараҟны. Ҩымыз аҽазыҟаҵара ҳаҿын алҵшәа бзиақәа аиуит ҳәа сыҟоуп", — иҳәеит Гыцба.
Аспектакль арежиссиор иазгәеиҭеит, ақәыргылара ишалахәу жәеиза-ҩык актиорцәа, аҿар рнаҩсангьы аиҳабыратә биԥара иаҵанакуа актиорцәа шыҟоу. Ихадоу арольқәа нарыгӡеит: Алиас Аҩӡба, Аслан Анқәаб, Мадонна Џьынџьалԥҳа.