Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАрра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра
Арра-спорттә хәмарра Аиааира мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" рҽаладырхәит 120-ҩык Гагратәи ашколхәыҷқәа

ГАГРА, лаҵара 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Гагра араион аҵара аҟәша, Аиааира Ду аламҭалаз, ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥыргоит арра-спорттә хәмарра "Аиааира". Сынтәа уи рхы аладырхәит 12 школ рҟнытә 120-ҩык ахәыҷқәа.

Акомандақәа еицлабуан ар рашәа нагӡауа ацәаҳәа ақәсраҿы, автомат аимыхреи аибыҭареи рҿы, аграната аршәраҿы, аҽышьҭхраҿы, шәки, аашәи, зқьы хәышәи метр аҩреи рыла.

Ашколхәыҷқәа реицлабра ахәшьара арҭон аҵара аҟәша аспециалистцәеи, арра-патриоттә ааӡара амаҭәар арҵаҩцәеи рыла ишьақәгылаз аӡбаҩцәа ргәыԥ.

Арра-спорттә хәмарра алахәцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит адгылара рырҭарц иааз Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбари араион ашколқәа рдиректорцәеи.

"Гагра араион ашколхәыҷқәа ари арра-спорттә хәмарраҟны ианакәзаалак алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит. Ҵыԥхтәи ашықәс азы, Гагратәи еизгоу акоманда ареспубликатә тур аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит. Агәрагара ҳамоуп, ҳаԥхьаҟагьы ари аҩаӡара ишацәхьамҵуа", — иҳәеит Беслан Дбар.

Иара убас, араион аҵара аҟәша аиҳабы иазгәеиҭеит, арра-спорттә хәмарра иалахәу, аԥсадгьыл уаҵәтәи ахьчаҩцәа шракәу. Убри инамаданы, арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәахоит, еиҵагыло аҿар абџьар имарианы рнапаҿы ааиреи, аспорттә зыҟаҵара бзиа аиуреи.

Иазгәаҭатәуп, арра-спорттә хәмарраҟны аҷкәынцәа инарываргыланы алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа аҭыԥҳацәагьы.

Владимир Ҳаразиа 100 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагратәи алицеи-интернат

"Арҭ аицлабрақәа рҟны есышықәса ашколхәыҷқәа рхы бзианы иаадырԥшуеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан, иубаратәы иҟоуп аиааирахь агәазыҳәара шрымоу. Ҷкәыни ӡӷаби еилымхкәа уаарылаҽхәаратәы рхы мҩаԥыргоит", — ҳәа инаҵишьит арра-патриоттә ҽазыҟаҵаразы амаҭәар амҩаԥгаҩ Махаз Ешба.

Арра-спорттә хәмарра араионтә тур иалахәыз 12 школ рахьтә, аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит абарҭ акомандақәа: 1-тәи аҭыԥ — Маҳадыртәи абжьаратә школ №1, азыҟаҵаҩ Степан Пахлиан; 2-тәи аҭыԥ — Гагратәи абжьаратә школ №2, азыҟаҵаҩ Махаз Ешба; 3-тәи аҭыԥ — Гагратәи абжьаратә школ №1, азыҟаҵаҩ ҩаԥхьа Махаз Ешба.

Аԥхьахәқәа згаз акомандақәа рҟнытә, иреиӷьыу алҵшәақәа аазырԥшыз аҵаҩцәа алахәхоит арра-спорттә хәмарра ареспубликатә тур еизгоу Гагратәи акоманда иаланы.

Арра-спорттә хәмарра Гагратәи араионтә тур иалахәыз акомандақәа зегьы, хымԥада аиааира ргәы азыҳәон, аха ихьанҭаз аиндаҭларақәа иалыркааит рхатәы фырхацәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАрра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра
Арра-спорттә хәмарра Аиааира мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра

Ашколхәыҷқәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит ари арра-спорттә хәмарра алахәра агәахәара ду шырнаҭаз. Аԥхьахәқәа згаз ракәзар, адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит рҩызцәа рҟынтә.

Ажәабжьқәа зегьы
0