Ҩымш рыҩныҵҟа аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлон. Аиндаҭлараҟны иқәыргылан Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ихраҿа (ҩ-нызқь метра аҩразы).
Аиндаҭларақәа ирыхәаԥшырц арахь иааиит Аԥсны атәылауаа реиԥш ирацәаны атәыла асасцәагьы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира амшныҳәа иазкыз индаҭлара иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба: Аацы, Аҷандара, Дәрыԥшь, Џьырхәа, Жәандәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Лыхны ркомандақәа.
Аԥсны атәылауаа 55 нызқьҩык рҟынӡа аибашьра иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17-нызқьҩык рыҩныҟақәа ихнымҳәит. Рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. 22-ҩык ирыхҵоуп ахьӡ ҳарак – Асовет Еидгыла афырхаҵа.

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира амшныҳәа иазкны Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысуан аҽырхәмаррақәа. Ҩымш рыҩныҵҟа аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭло ахәаԥшыҩцәа иддырбон аԥсуа ҽылатә хәмаррақәа

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлоит амилаҭтә хәмарра аимҵакьача аҟны

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспорттә ныҳәа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспортсменцәа еиуеиԥшым ахраҿақәа рзы еицлабуан

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽырхәмаррақәа агәымшәара злоу роуп иалахәу

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәмаррақәа рлахәылацәа аҵәыршәра мҩаԥыргоит

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Дәрыԥшьтәи аспортсмен изырхаз аҵәы иҽацәихьчеит

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира амшныҳәа иазкыз индаҭлара иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба: Аацы, Аҷандара, Дәрыԥшь, Џьырхәа, Жәандәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Лыхны ркомандақәа

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ҟәланырхәатәи акоманда алахәыла аимҵакьачаз афиналтә хәмарраҟны

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽыбӷаҟазацәа афиниш ахь инеиуеит

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәаԥшыҩцәа гәыкала ирыдыркылон изхәаԥшуаз

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽырхәмаррақәа ируакуп аҳәаҟьара

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиндаҭларақәа хыркәшахеит аҽырхәмаррақәа рыла