Аҧсны ахада Очамчыра араион ауаажәлар дырҧылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҧсны ахада Очамчыра араион ауаажәлар дырҧылеит.
Аҧсны ахада Очамчыра араион ауаажәлар дырҧылеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Имҩаҧысыз аизараҿы Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи, ақыҭақәа рхадацәа рықәгыларақәеи рҿы иазгәарҭеит аоппозициа имҩаҧыргарц ргәы иҭоу ареферендум мап шацәктәу.

ОЧАМЧЫРА, лаҵарамза 13 — Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион абыргцәа рхеилак еиҿнакааз аиҧылара иҽалаирхәит ахәаша лаҵарамза 13. Аизара иара убас иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба, Очамчыра араион ахада Хьрыҧс Џьопуа, абыргцәа рхеилак алахәылацәа, Очамчыра араион ауаажәлар.

Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Апаллон Думаа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу аизара ҵакыс ишамоу Аҧсны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ақәҿыҭра, уи иақәнагоу ахәшьара аҭара. Убас, уи инаҵшьны иҳәеит атәылаҿы аҩнуҵҟатәи ҭышәынтәалара еилазго аусқәа шымҩаҧысуа, убри аҟынтә ажәлар ракзаара шхадароу.

“Аҧсны аиҳабыреи, аоппозициеи еидтәаланы аҳәынҭқарра иахәо зҵаарақәа рыӡбалар ауп. Аҧсуа ианакәызаалакгьы ауаа ишраҳауа ажәа хьанҭа иҳәаӡомызт, уи ҟазшьаҷыдас имоуп ахаҵара, ачҳара, ақьиара реиҧш иҟоу аҟазшьақәа“, — иҳәеит Думаа.

Уи иара убас иазгәеиҭеит аҧсуа жәлар ракзаара шьақәыргыламзар, Аҧсны ҧхьаҟатәи аҧеиҧш шуашәшәырахо. Апаллон Думаа иашам ҳәа азиҧхьаӡоит ажәлар рыҩнуҵаҟа иҟоу агәаанагара уажәтәи аиҳабыра русура алҵшәақәа ыҟам ҳәа, ҿырҧштәысгьы иааигеит араион аҟны инхо ауаа, зыҩнқәа блыз, заагара маҷу аҭаацәарақәа ҩ-миллионк инеиҳаны аҧара шырзоунажьхьоу.

Аизараҟны иқәгылаз Очамчыра араион абыргцәа рхеилак алахәылацәеи, ақыҭақәа рхадацәеи иазгәарҭеит аоппозициа имҩаҧыргарц ргәы иҭоу ареферендум Аҧсны аҿиара ишаҧырхагоу.

Убас, Ҷлоу ақыҭа ахаҭарнак Константин Ҧарулуа иқәгылара аҟны иҳәеит Аҧсны иахьатәи ахадара ҧырхага рымҭакәа, ирзыҧҵәоу аамҭа иалагӡаны аусуха рыҭара шаҭаху. Убри аан уи иазгәеиҭеит араион аҟны иааидкыланы аҳәынҭқарра аҟны еиҧш ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟоу, аха урҭ риааиразы аидгылара шаҭаху.

"Сара сгәаанагарала, ҳара ҳҳәынҭқарра ҳаргылар ҳҭахызар, ҳазегь ҳаидгылар ауп. Иашоуп, аоппозициеи ҳареи ҳгәаанагарақәа ахьеиқәымшәо ыҟоуп, аха ҳазегь хықәкык ауп иҳамоу, уи Аҧсны аргылара ауп“, — иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба.

Аҧсны ахада иқәгылараан иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиҧылара еиҿызкааз араион абыргцәа рхеилак.

“Сара адукатцәа сҭахӡам, сзыхьчо азакәан ауп. Абыргцәа ҳазқәышәҵо амҩа ҳанылар ауп. Аӡәи-аӡәи ҳаигәҭасуа ҳҿынаҳхар, аҳәынҭқарра ҳзыргылаӡом“, — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Уи иара убас иҳәеит Аҧсны аекономикатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу атәы, ақыҭанхамҩеи акурортқәеи рыҿиараҿы аихьӡарақәа шыҟоу. Аха уи иазгәеиҭеит атәылаҿы макьаназы ауадаҩрақәагьы шыҟоу. Ареферендум иазкны уи иҳәеит дшацәымшәо, имҩаҧысыр ажәлар ргәаанагара шидикыло.


Ажәабжьқәа зегьы
0