Аԥсны имҩаԥысит ауахәама-уаажәларратә еизара

Аԥсны имҩаԥысит ауахәама-уаажәларратә еизара.
Аԥсны имҩаԥысит ауахәама-уаажәларратә еизара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи апатриарх иахь рхы нарханы Аизара иалахәыз аҳәамҭа ҟарҵеит "аԥсуаа ахаангьы ақырҭуа етнос иахәҭакны рхы ршьомызт, Ақырҭуа Уахәамагьы иаҵанакуамызт" ҳәа.

АҞӘА, лаҵарамза 16 – Sputnik. Аҩбатәи Ауахәама-уаажәларратә еизарахь инеиит зқьи хәышәҩык рҟынӡа. Уи аламҭалаз Аԥсны Иԥшьоу Аметрополиа Ахеилак Адунеизегьтәи апатриарх Варфоломеи иахь аҳәара ҟараҵеит Аԥснытәи автокефальтә уахәама азхеиҵарц.

Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп Илиа II Аԥсуа Уахәама дахаҭарнакны дшыҟам. Аҵыхәтәантәи аҩеижәиҩба шықәса зныкгьы Аԥсны дшымааиц. Адунеизегьтәи апатриарх иахь рхы нарханы Аизара иалахәыз аҳәамҭа ҟарҵеит "аԥсуаа ахаангьы ақырҭуа етнос иахәҭакны рхы ршьомызт, Ақырҭуа Уахәамагьы иаҵанакуамызт" ҳәа.

Аиеромонах Дорофеи иазгәеиҭеит Аԥсуа Уахәама ақырҭуа Уахәама ишахәҭакым.

Аиеромонах Дорофеи иара убасгьы иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара зылшоны иҟоу Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама автокефалиа аԥҵара шакәу.

Иара инаҵшьны иҳәеит иқәыргылоу ахықәкы анагӡаразы Адунеизегьтәи (Констонтинопольтәи) Апатриархиа Ақырҭуа иашахаҵаратә Уахәама аканонтә ҳәаақәа еиҭарыхәаԥшыр ауп ҳәа.

Аҟәа-Пицундатәи Аепархиа, зхадараҟны аиереи Виссарион дгылоу, Аизарахь имнеиит.

Ажәабжьқәа зегьы
0