Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны есыҽны еизоит ахәыҷқәа. Урҭ анотақәа шырзымдыруагьы аԥсуа музыкатә инструментқәа рҟны ихәмаруеит. "Анотақәа рыла макьаназ ҳзыхәмаруам. Аԥхьаҵәҟьа ахәыҷқәа ахәмарра рцәыцәгьан, иҟазгьы ԥшьҩык ракәын. Нас маҷ-маҷ арахь ааира иалагеит", — лҳәоит жәлар ринструментқәа рансамбль "Аҿырпын" анапхгаҩы Алена Зыхәԥҳа.
Лара иазгәалҭоит амузыкатә инструментқәа рҟны ахәмарра ахәыҷы ихаҭара аизҳараҿы, иааӡараҿы, иҵараҿы аҵак ду амоуп ҳәа.
"Жәлар ринструментқәа аинформациа узҭо ракәны иҟоуп: урҭ рыҟны ахәмарра ҵо ахәыҷқәа ирҵоит аҭоурых, ажәлар ркультура, уи иахәҭакны рхы рбоит", — лҳәоит Зыхәԥҳа.
Уажәы ансамбль шьақәгылоуп жәаҩаҩык амузыкантцәа рыла. Иҟоуп аиҳабыратә гәыԥгьы. Уи иалахәуп ҩеижәихҩык амузыкантцәа.
Ахәыҷтәы ансамбль анапхгаҩы ишылҳәо ала ахәыҷқәа рнапы злаку ргәы азҭоуп.
Амузыкатә термин ҷыдақәеи аинструментқәа рыхьӡқәеи (аԥхьарца, ахымаа, аҩымаа убас егьырҭгьы) ахәыҷқәа ржәар еизнарҳауеит, рбызшәа арбеиоит ҳәа илшьоит ансамбль анапхгаҩы. Аԥсны анҭыҵҟа ансамбль "Аҿырпын" макьаназ ишымцацгьы атәыла аҩныҵҟа акырынтә ақәгыларақәа мҩаԥыргахьеит.