Уаҵәы иӡыргахоит апоет қәыԥш Инал Гыцба ишәҟәы

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Гыцба
Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәа иҭыҵит апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга. Ашәҟәы ӡыргахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 19 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 18 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ааигәа иҭыҵит апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга. Ашәҟәы ӡыргахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҟны лаҵарамза 19 аҽны, абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Владимир Анқәаб ихьӡ зху алитературатә кабинет аиҳабы, аҧсуа литература акафедра аусзуҩы Ахра Анқәаб.

"Апоет қәыԥш Инал Гыцба иҩымҭақәа раԥхьатәи реизга "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу аӡыргара мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаарту Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аҟны, аԥшьаша лаҵарамза 19 аҽны. Ашәҟәы аҭыжьраз аҳарџь ахахьы иагеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы. Аизга еиднакылоит 40 инреиҳаны Инал Гыцба иажәеинраалақәа", — ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.

Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, Инал Гыцба ишәҟәы инаваргыланы иӡыргахоит алитературатә-сахьаркыратә журнал "Аԥсангьери".

© Sputnik Рада АжьиԥҳаИнал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга
Инал Гыцба Сгәеисра-саамҭа захьӡу иҩымҭақәа реизга - Sputnik Аҧсны
Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга

"Афилологиатә факультет аҟны иаԥҵоуп абаҩхатәра злоу астудентцәа  ҿарацәа еидызкыло арҿиаратә еилазаара "Ацәыкәбар". 2014 шықәса раахыс аилазаара иҭнажьоит алитературатә-сахьаркыратә журнал "Аԥсынгьери" шықәсык ахь ҩынтә иҭыҵуеит, уажәы иҭыҵит изаамҭанытәиу аномер. Инал Гыцба ишәҟәи ажурнали рӡыргара еиқәҳаршәеит, избан акәзар Инал раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьыҟаиҵаз ари аилазаараҿы ауп. Еидыганы, хаз-хазы иргыланы арыхәаԥшра иахәҭам ҳәа иаҳаԥхьаӡеит", — ҳәа азгәеиҭеит аҧсуа литература акафедра аусзуҩы Ахра Анқәаб.

Апоет кәыԥш Инал Гыцба иажәеинраалақәа реизга "Сгәеисра-саамҭа" аӡыргара мҩаԥгахоит ААУ (ахԥатәи аихагылаҿы) Владимир Анқәаб ихьӡ зху алитературатә кабинет аҟны, лаҵарамза 19 аҽны, асааҭ 12 рзы.

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0