АҞӘА, лаҵарамза 20 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама анапхгаҩы, аиереи Виссарион Афон Ҿыц имҩаԥысыз Ауахәама-уаажәларратә еизара дақәыӡбеит аԥшьаша, лаҵарамза 19 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны. Иара уи аизара Еиҟәшаратәуп ҳәа ахиҳәааит.
"Аиҟәшара аҭыԥ аиуит хәышықәсаҟа раԥхьа, Афон Ҿыцтәи ауахәамамаҵзурауаа, Дорофеи Дбар раԥхьа дыргыланы атәылаҟны иашала аҩбатәи Аиашахаҵаратә Уахәама анаԥырҵа ашьҭахь", — иҳәеит иара.
Иара ааԥхьара ҟаиҵеит ауааԥсыра рыжәҩа ҭырымҟьарц.
"Аԥсны Иԥшьоу амитрополиа" имҩаԥнагаз аизара иалахәын 1500-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Аԥсны ауахәамеи аполитикеи шеидымгьы атәыла ахадара ауахәаматә зҵаара аӡбара иалахәуп иҳәеит аб Виссарион. Иара убасгьы иазгәеиҭеит анапхгареи аиҳабыреи рҟынтәи абри аизара ишалахәыз.
"Аҳәынҭқарра аиаша иадгылароуп", — иҳәеит иара.
Аб Виссарион Аԥсны ақьырсианцәа рахь ихы нарханы иҳәеит ауаажәларратә еилазаараҟны аҽеиҟәшара алдмыршарц.