Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа
Амодеи атренди тема хаданы иҟан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны "АГУ Talks" аҵаратә проект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз ахәбатәи аинтерактивтә лекциаҟны. Аԥсуа студентцәа амода дырзалацәажәон Марангони (Британиа ду, Лондонтәи амодеи адизаини рышкол) аушьҭымҭа Асҭа Чыкәбарԥҳа.
"Амода иацныҟәо аԥсуа ҭыԥҳацәа ирылшоит ахӡырымгареи атенденциа ҿыцқәеи реилаӡҩара. Ҳара иаабо иаразнак ҳаднахалоит", — лҳәеит лара.
Атема "Амодеи атренди" аҳәса еиҳа ирызкушәа шубогьы азал аҟны ирацәан ахацәагьы. Урҭгьы аинтерес рыман аҳәса рыԥсҭазаараҿ ихадоу азҵаара аҽеиҭакшьақәа.
– Иҟоуп ҳара зынӡа иаҳнымаалаӡо, ҳанхашьа, ҳабзазара, ҳкультура иаҵанамкуа. Ҳара ачарақәеи аԥсрақәеи рыбжьара ҳаԥсҭазаара мҩаԥысуеит. Ҳамаҭәагьы уи аиҿкаара анаҭоит. Шәара абри аганахь ала гәаанагарас ишәымоузеи?
— Ҳәарада ауаа рҽеилаҳәашьа иахьынхо арегион иадҳәалоуп. Зны-зынла ауаа рҽеилаҳәашьала иудырыр улшоит иарбан тәылоу иахьатәу. Иаҳҳәап Урыстәыла аметро иҭоу аԥҳәызба ашьхәаҳаракқәа лышьазар, аӡәгьы иџьеишьом. Аҳәаанырцә – усеиԥш иагьубом. Аха адунеи зегь еиԥш ҳаргьы ҳҽаҳаԥсахуеит – лҳәеит аексперт илыҭаз азҵаара аҭакс.
Алекциа аинтерес аҵан ҳаамҭазтәи агардероб аелементқәа рцәырҵра аҭоурых иахьалацәажәаз азгьы.
Аексперт далацәажәеит избан иалкаау аамҭак азы изалкаахо трендк. Уи алхра уақәшәар шакәу.
"Атренд – ахархәаратә ҭахра аԥсахроуп иаанаго. Амода еиднакылоит лассы-лассы зҽызыԥсахуа атенденциақәа, ахырхарҭақәа", — лҳәеит Чыкәбарԥҳа.
Амода далацәажәо иаалгеит ҿырԥшыс аҟазараҭҵааҩ Џьеимс Леивер иажәақәа:
"Леивер исхемала ауаҩ иныҟәиго амаҭәа модан иҟалаанӡа 10 шықәса раԥхьа уацәыԥхашьоит, 5 шықәса раԥхьа ламысдарак аҵоуп, шықәсык аԥхьа – уи аныҟәгара афырхаҵара аҭахны иҟоуп. Уи амаҭәа актуалтәуп ҳәа ианырыԥхьаӡо ашықәс аан зегьы идырҽхәоит. Аха шықәсык ашьҭахь – игьамадоуп ҳәа иршьоит, 10 шықәса рышьҭахь иахыччоит, 20 шықәса рышьҭахь – игмыгуп рҳәоит, 30 шықәса рышьҭахь – цәгьа ирбом, 50 шықәса рышьҭахь – аинтерес аҵырбаауеит, 100 шықәса рышьҭахь – аромантикатә цәа аҟәынны ирбоит", — лҳәеит аексперт.
Алекциа азыӡырҩ Русҭам Аншба иазгәеиҭеит алекциа иара изы адырра рацәа шинаҭаз, дшақәымгәыӷӡоз интересны ишибаз.
"Ҳара зны-зынла иҳазгәаҭаӡом иҟаҳҵо алхра амода шакәу иҳадызгало. Избанзар иааҳакәыршаны иаабо иҳаҳауа роуп иҟаҳҵо алхрагьы ҳәаақәызҵо. Абри аан аҵакы дуны иҟоуп ахы ацәымӡра", — иҳәеит Аншба.
2016 шықәса хәажәкыра 29 рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны ихацыркхеит ПРООН аҵаратә проект ҿыц, TED talks астиль иақәшәо аԥсуа аналог.
2016 шықәса иахьынӡаҵанакуа имҩаԥгахоит еиуеиԥшым атемақәа ирызку жәаба рҟынӡа ӡыргара ҳәа ҳалҳәеит ПРООН ахаҭарнак. Астудентцәа ироуеит алшара ҳаамҭазтәи аинформациа аҭашьа аметодқәа рдырра, ҳаамҭазтәи акоммуникациатә методқәа ахрархәашьа адырра ҳәа азгәарҭеит аиҿкааҩцәа.
Апрограмма раԥхьатәи асас апроект "Горнаиа Абхазиа" автор Ҭенгьиз Ҭарба иакәхеит. Уи ашьҭахьгьы иҟан еиуеиԥшым аиԥыларақәа.
Апроект аӡыргара мҩаԥысит адунеи аҟны еицырдыруа "TED talks", еиԥшны. Аԥсны иара иаиуит ахьӡ "АГУ talks".