Аҳҭнықалақь ахатәы логотип WeSUKHUM аиуеит

© SputnikАҳҭнықалақь ахатәы логатип WeSUKHUM аиуеит
Аҳҭнықалақь ахатәы логатип WeSUKHUM аиуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь алоготип аӡыргара мҩаԥысит ахәаша, лаҵарамза 20 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 20 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ақалақь амш аҽны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иқәыргылахоит аҳҭнықалақь алоготип. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент.

Ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа иазгәеиҭеит ақалақь абренд аԥҵара азхьаԥшра ду шамоу.

"Сара сеигәырӷьоит ҳара абри аҩыза аҿар ахьҳамоу. Апроект шаазбаз исгәаԥхеит. Апроект бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", — лҳәеит Аҟәа архитектор хада Ҭамара Лакрԥҳа.

Лара лажәақәа рыла архиара иаҿуп асеиԥш иҟоу алоготип аԥсышәалагьы.

Аҟәа асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа иҳәеит алоготип аидеиа иаразнак ишигәаԥхаз.

"Иалаҳхыз аҭыԥ даара ибзиоуп. Сара исҭахуп амшын аԥшаҳәа ахы инаркны аҵыхәанӡа иҿырԥшыганы иҟазарц. Уи азы иҳалшо ҟаҳҵалоит", — иҳәеит Габлиа.

Аԥсны аилахәырақәа руак Марҭа Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла алоготип аҭыԥ ақалақь Ахадараҿ иалыркааит.

Лара иазгәалҭеит ашҭа ахәҭак аркхоит, ашәҭқәа еиҭаҳаны атәарҭақәа ргылахоит ҳәа. Иаанхо ахәҭа аҟны амашьынақәа рыргыларҭа ааныжьхоит.

"Ҳара иаҳҭахуп адунеи аҟны ҳақалақь "Сухум" ҳәа шахьӡу рдыруазарц", — лҳәоит лара.

Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла адунеи ахсаалақәеи аинтернет ԥшаарақәеи рҟны иарбоу иажәхьоу ахьӡ "Сухуми" ауп.

Дара ишырҳәаз ала абызшәа ҳәа иалху, англыз бызшәа, иахьазы ахархәара ҭбаа ахьамоу иахьырԥшуп. Адунеи аинтернет ресурсқәа реиҳарак англыз бызшәалоуп аус шыруа.

Алоготип аԥҵаҩцәа ишырҳәо ала хықәкы хаданы иҟоуп иудыруа абренд аԥҵара.

Алоготип аԥҵаҩцәа ируаӡәку Русҭам Аншба иажәақәа рыла ииашаны инагоу аинформациа ақалақь азы иӡыргагоуп.

"Ақалақь алоготип аԥҵо ҳара иаҳҭахын зегьы еилыркаауа иҟаларц. Ҳапроект ззырхо Аԥсны азхьарԥшра ауп", — иҳәеит иара.

Аншба иазгәеиҭеит ари аҭыԥ ахь ауаа ааиуа ишыҟало.

Аиҿкааҩцәа ирҳәеит ишаԥҵахо аинтернат саит, ашҭаҟны ишықәыргылахоит авеб-камера, изҭаху зегьы ишрылшо араҟа имҩаԥысуа ахҭысқәа рбара.

Аидеиа авторцәас иамоуп аҿар реидгыла idea Republik. Апроект нанагӡоит аилахәыра А-Мобаил.

Ажәабжьқәа зегьы
0