Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла еиҳабыс деиҭалхуп Орал Бганба

© Foto / Сырма АшәԥҳаСақариатәи аԥсуаа реиԥылара
Сақариатәи аԥсуаа реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Сақариа ақалақь аҿы имҩаԥысит аԥсуаа рхеидкыла аизара ду. Уаҟа иазааҭгылан ҩышықәса ирылагӡаны ахеилак аусура аихшьаала, иара убас иаарту бжьыҭирала еиҳабыс деиҭалхын уаанӡа ахеилак хадара азҭоз ҳџьынџьуаҩ Орал Бганба.

АҞӘА, лаҵарамза 20 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥснынтә уахь ааԥхьара рыман ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа Оқтаи Ҷкотуа, Сырма Ашәԥҳа, Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа. 

Аизара рхы аладырхәит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика анапхгара, аԥсуаа рхеидкылақәа рхадацәа, хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуаа. Владимир Занҭариа иқәгылараҿы, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала еизаз зегьы асалам риҭеит, русқәа рҿы аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа  ихьӡала, Орал Бганба аԥсуа ҟама ҳамҭас ианеишьеит, иара убас иаԥхьан уи идныҳәаларатә шәҟәы.

"Ҳара шьахәла иаҳдыруеит шәара шәыгәҭыхақәа шәгәыӷрақәа зегьы шәыԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа ишадҳәало. Шәара аҭоурых аӡыблара иалганы иаажәгеит ҳазегьы ҳаидкыланы ҳазмоу ҳаԥсуа бираҟ. Ирацәоуп ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа. Нагӡара ақәзааит Владислав Арӡынба ҳазқәиҵаз амҩа", — ҳәа азгәеиҭеит Владимир Занҭариа. 

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба иқәгылараҿы дазааҭгылеит аԥхьаҟатәи руснагӡатәқәа ирыдҳәалаз азҵаатәқәа.

Сақариатәи аԥсуаа реиԥылара
Сақариатәи аԥсуаа реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Сақариатәи аԥсуаа реиԥылара

"Ҳара ҳхеидкыла иалоуп 2000-ҩык аԥсуаа. Аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп 5000-ҩык рҟынӡа аизырҳара. Урҭ зегьы Аԥсны атәылауаҩшәҟәы роурц агәаҳәара рымоуп. Иаҳҭахуп Аԥсны ахада Ҭырқәтәылаҟа иааԥхьара. Ҳаԥсуара амырӡра иахьынӡаҳалшо ҳҽазаҳшәоит. Ҳаԥсадгьыл иазеиӷьу аусқәа рзы ҳамч-ҳалша еибаҳтароуп зегьы", — иҳәеит Орал Бганба.

Ажәахәла иқәгылаз Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Енгин Ҭаскәач-иԥа иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, изланхо атәым милаҭ пату шрықәырҵо. Аԥсны ахьыԥшымра Ҭырқәтәыла иазханаҵарц азы аус шыруа.

© Foto / Сырма АшәԥҳаСақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба
Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба

"Аԥсны, аԥсадгьыл, аԥсшәа, аԥсуара — арҭ ажәақәа зегьы аеҵәақәа реиԥш алашара рхылҵуеит. Ҳарҭ доуҳала иӷәӷәоу жәларуп. Ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡахь еснагь ҳалаԥш хоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Енгин Папба. 

Иара убас, аизараҟны ажәахә рҳәеит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика анапхгара рхаҭарнакцәа, аԥсуа федерациа аиҳабыра, Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак иабжьагаҩ Алиас Асабуа, аԥсуа хеидкылақәа рнапхгаҩцәа, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0