Иахьа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИахьа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
Иахьа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX ашәышықәсазы еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт, убри инамаданы лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

АҞӘА, лаҵарамза 21 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәа, амҳаџьырцәа рбаҟахьы имҩахыҵит Аԥсны ахадара, ауаажәларра, амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ашколхәыҷқәа.

Амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг аҿы дыкәгылеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

"Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи амҳаџьырра иазку рҩымҭақәа дрыԥхьароуп дарбанызаалак, игәаҵанӡа инеиарцаз амҳаџьырқәа рхьаа, ахааназ игәалашәараҿ инхарцаз адамыӷа еиԥш Аԥсны аҭоурых инхалаз уи аамҭа еиқәаҵәа. Агәҽаанызаара аҭахыуп ихьчахарцаз амилаҭ, иӷәӷәахарц аҳәынҭқарра. Иахьа Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Америка, Европа иҟоу аԥсуаа зегьы хеиқәырхагас ирымоу акызаҵәык ауп — урҭ ракзаара, ргәеизыбылра, рбызшәа, рытрадициатә культура рыхӡыӡаара. Хашҭра рықәымзааит Кавказтәи аибашьра аӡыблара иахәлаӡыз ҳауаажәлар. Ӡра-ԥсра ақәымзааит Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа ракзаара", – иҳәеит Занҭариа.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аусӡбатә хадақәа ируакуп – аԥсуаа ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра.

Ҳџьынџьуаҩ Сонер Гогәуа ахҵәара иадҳәалоу игәаанагарақәа ҳацеиҩишеит.

"Иахьа арыцҳара дуӡӡа зцуа рыцҳәуп Кавказ ажәларқәа зегьы рзыҳәан. Ари аҭоурых дуӡӡоуп, иахьатәи амш Аԥсны мацара акәӡам аԥсуаа ахьыҟазаалак зегьы иазгәарҭоит, иргәаладыршәоит амҳаџьырра иалаӡыз. Иаҳхамышҭыроуп аҭоурых, аԥсуа ҳәынҭқарра ҳаргылозар ҳбызшәеи, ҳҭоурыхи, ҳлеишәеи аныҟамла нас закәытә ҳәынҭқарроузеи иҳаргылоу, еиҵагыло абиԥарагьы иҳааӡароуп аԥсуаҵас ", – азгәеиҭеит Гогәуа.

Амитинг ашьҭахь, асааҭ 16:00 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" ықәдыргылоит.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0