Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс аартуп

© Foto / из личного архива семьи АджбаАпоет Таиф Аџьба
Апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркын хәажәкыра 11 2016 шықәсазы апоет имшира аҽны.

АҞӘА, лаҵарамза 25 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа апоет ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа аиуразы аконкурс шаарту алаҳәара ҟанаҵеит, абри атәы аалыцҳаит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Ари апремиа абзоурала ахьыӡ ҿыцқәа ԥшаахоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Иара ахықәкы хада – ԥсышәала иҩуа аҿар рыцхыраара, рыхьӡ аҭыгара ауп", – лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминитср лажәақәа рыла, апремиазы иқәыргылазар ҟалоит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы  (1993–2015 шықәсқәа) икьыԥхьу арҿиамҭақәа.

Апремиа ранашьахоит акьыԥхь збахьоу, аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы злагала дуны иҟалаз, ауаажәларратә зхаҵара зауз, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку апоезиеи, апрозеи, адраматургиеи ржанрқәа ирыҵаркуа асахьаркыратә ҩымҭақәа зыҩуа.

"Акомиссиа раԥхьатәи аилатәараан Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аамышьҭахьтәи апериод ахь иаҵанакуа арҿиамҭақәа ирыхәаԥшуеит, анаҩстәи ашықәсқәа раан хышықәса рахьтә знык имҩаԥгалахоит, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа еиԥш", – ҳәа иацылҵеит Арсалиаԥҳа. 

Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны. - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аԥҵоуп

Апремиа аиуразы арҿиамҭақәа рықәыргыла азин рымоуп аҵара-ааӡаратә, акультуратә усҳәарҭақәеи, арҿиаратәи аҟазаратәи еидгылақәеи рколлективқәа, ажурналқәеи агазеҭқәеи рредакциақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рабжьгарала. Аусуратә комиссиа дахагылоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Коӷониа.

"Хәажәкыра 11 ари ашықәс азы апремиа шеиҿкаау атәы рылаҳҳәеит, хымыз ирҭагӡаны арзаҳалқәа ҳадаҳкылалоит. Апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, арҵаҩцәеи злоу акомиссиа ирыдыркыло аматериалқәа зегьы анализ рзуны, аконкурс иаиааиз алырхуеит, апхьахәқәа згаз Таиф Аџьба имшираан хәажкыра 11 2017 шықәсазы ирыларҳәоит", – ҳәа лҳәеит Аԥсны акультура аминистр.

Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылоит 2016 шықәса, лаҵарамза 25 инаркны нанҳәа 25-нӡа, абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа, Аԥсны аиҳабыра рыҩны Лакоба имҩа 21, Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра,Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиазы Акомиссиахь. Иаҭаху адокументқәа рсиа еилышәкаарц шәылшоит абри аҭел ала: +7840-229-75-42.           


Ажәабжьқәа зегьы
0