00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Аԥсуа мифқәа" Москва идырбахоит

© Sputnik"Аԥсуа мифқәа" Москва идырбахоит.
Аԥсуа мифқәа Москва идырбахоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, аҟазара аусзуҩцәа Рыҩнаҟны лаҵарамза 26 рзы иаатуеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Гиви Смыр ицәыргақәҵа. Абри атәы аалыцҳаит москватәи аԥсуа диасппора анапхгара алахәыла Есма Ҳагԥҳа.

АҞӘА, лаҵарамза 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Москва, аҟазара аусзуҩцәа Рыҩнаҟны лаҵарамза 26 рзы иаатуеит "Аԥсуа мифқәа" захьӡу аԥсуа сахьаҭыхыҩ Гиви Смыр ицәыргақәҵа. Абри атәы аалыцҳаит москватәи аԥсуа диасппора анапхгара алахәыла Есма Ҳагԥҳа.

70 инареиҳаны аусумҭақәа ахәаԥшҩы изцәыргахоит. Реиҳарак рҟны амиф сиужетқәеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рфырхацәеи роуп иубо.

Ацәыргақәҵа аартрахь инаԥхьоуп урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа, аҟазара Аҩны аусзуҩцәа, Урыстәыла Акультура аминистрра ахаҭарнакцәа, амузеиқәа русзуҩцәа, аԥсуа диаспора.

Ҳагԥҳа иазгәалҭеит ацәыргақәҵаҟны ишыҟало хынҩажәижәаба инареиҳаны асахьақәа.

"Ацәыргақәҵа аинтерес ду аиуеит. Аҟазара Аҩны иара аамҭа иацҵахарц ажәалагала ҟанаҵахьеит", — лҳәеит лара.

Гиви Смыр иажәақәа рыла ацәыргақәҵа иахықәку урыстәылатәи ажәлар аҟазара бзиа избо аԥсуа культура рыдгалароуп, бзиа дырбароуп.

Гиви Смыр диит лаҵарамза 9 1945 шықәса рзы Афон Ҿыц ақалақь аҟны.

Иара ишиҳәо ала исахьақәа ркомпозициақәа аԥхыӡ аҿы иҭаауеит, нас иара урҭ аш ахь ииеигоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0