Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ ҿыц далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, лаҵарамза 27 рзы имҩаԥысыз Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс далхуп

АҞӘА, лаҵарамза 27– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәаша имҩаԥысыз Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс далхуп.

"Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Аԥсны деицырдыруеит. Лара лылшамҭақәа рацәоуп аԥсуа культура аҿиараҟны. Гәдоуҭатәи амузеи ахацыркцәа дыруаӡәкуп", — иҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа диит ԥхынгәы 5 1961 шықәса рзы, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан. 1979 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дҭалоит (афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша). 1983 шықәса рзы аусура далагеит Акультура аминистрраҟны, аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы ҳәа.

1984 шықәса рзы – ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакторс дҟаҵоуп. Иара убри ашықәс азы лара активла лҽалалырхәит Гәдоуҭатәи амузеи аартра. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи азы аматериалқәа реизгара далагоит. Жәашықәса инарзынаԥшуа Амузеи афонд ахьчаҩ инапынҵақәеи Гәдоуҭа араион Ахадара акультура аҟәша аиҳабы инапынҵақәеи еидылбалон.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазкны ашәҟәқәа хәба дравторуп. 2014 шықәса рзы "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ланашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0