00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

4:0 ҳәа Лапландиатәи акоманда Сомалилендаа ираԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбол.
Футбол. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра имҩаԥгаз аҩбатәи аиԥылара хырқәшан 4:0 ҳәа Лапландиатәи акоманда аиааирала.

АҞӘА, лаҵара 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Конифа ахылаԥшрала Аԥсны имҩаԥысуа адунеитә ашьапылампылтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа асааҭ 15 рзы Гагратәи астадион, аҟны имҩаԥысит Лапландиеи Сомалиленди акомандақәа реиԥылара.

Игра Северного Кипра и Падании - Sputnik Аҧсны
Адунеи ашьапылампылтә чемпионат раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥысит Гагра

Ахәмарра актәи азбжа хырқәшан 1:0 ҳәа, анаҩс, аҩбатәи азбжаангьы Лапландиатәи ахәмарыҩцәа даҽа х-мпылк Сомалилендаа рымба иҭадыршәеит. Абас ала, 4:0 ҳәа Лапландиаа риааирала Гагра имҩаԥысуаз аҩбатәи ахәмарра хырқәшахеит.

Иазгәаҭатәуп ахәмарра анҵәамҭазы, Сомалилендаа рымбахьчаҩ Абди Мухаммед-Мухаммуд ишьамхы ааха шаиуз. Аспортсмен иаразнак Гагратәи ахәышәтәырҭахь дган.

"Ахәмарыҩ иарма шьамхы хәахәеит, абҩаԥҵәа имам. Изцәырҵыз ахьаа аԥыхыуп. Уаҵәгьы ҳалаԥш ихызаауеит", — иҳәеит Гагратәи ацентртә-араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Аҳақьым хада излаҳаилиркааз ала, уажәазы аҳәара уадаҩуп, анаҩстәи ахәмаррақәа аспортсмен ихы алаирхәар ахьынӡаилшо.

Лапландиеи Сомалиленди реиԥылара анхырқәшаха ашьҭахь, аспортсменцәа апресс-маҵзураҟны ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

Аилатәара ихы алаирхәит Конифа апрезидент Пиер Андерс Блаинд. Иара иажәақәа рыла, ачемпионат аартреи ахәмаррақәа рымҩаԥгареи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы аҩаӡара ҳаракы аманы иазнеиуп.

Дара аспортсменцәа ракәзаргьы, ихадароу аиааира акәым, алахәра ауп рҳәоит.

"Аиашазы, сара Аԥсны аӡбахә ахаангьы исмаҳацызт. Адунеитә чемпионат абраҟа имҩаԥысуеит ҳәа анырҳәа, ауп ари атәылахь аинтерес аарԥшны, иҭысҵаауа саналага. Сгәы иҭалеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥхарра. Иахьатәи ахәмарра ҳақәымҿиеит, аха дара ҳганахь ажәа ҟәандақәа рҳәон, ҩаԥхьа ари атәыла ссир ахь ҳаарыԥхьон. Сара стәылахь саннеиуа, хымԥада сыуацәеи сҩызцәеи ирабжьазгоит Аԥсны иаҭаарц", — ҳәа азгәеиҭеит Самолиленд акоманда ахәмарыҩ Уилед Аден.

Гагратәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа, ргәы хыҭ-хыҭуа ирзыԥшуп уаҵәтәи ахәмаррақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0