АҞӘА, лаҵарамза 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭа араион аҟны имҩаԥган аусурақәа ақалақьи амшынԥшаҳәеи ррыцқьаразы. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы иаахәан 46 гәамеизакырҭа бак. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ӡиӡариа.
"Агәамеизакырҭатә контеинерқәа рымаҵ зуа амашьына лассы Урыстәылантәи иаҳзаараны иҟоуп", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Ӡиӡариа иажәақәа рыла аконтеинер ҿыцқәа ҳаамҭазтәи аиҿкаашьа рымоуп, рыхҩақәа акуеит.
Уи адагьы акурорттә сезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны араион Ахадара ақалақь аҟны иҟоу аӡеиԥҟьарақәа рпроблема аӡбара нап рылакуп.
Ақалақь ариаҵәара апрограмма ала араион Ахадара ԥхынҷкәынмза инаркны хәажәкырамзанӡа 460 рҟынӡа ҵиаа еиҭарҳаит. Иара убасгьы иаԥҵоуп абарҭ аусурақәа знапы рылакхо аилазаара ҿыц – "Апарк-плиажтә нхамҩа".
"Ҳара иҳаӡбеит ақалақь аҩныҵҟа аусурақәа знапы рылакхо аилазаара ҿыц – "Апарк-плиажтә нхамҩа" аԥаҳҵарц. Иара адиректорс далхуп Даниил Габниа", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит араион Ахадара апарки амшынԥшаҳәеи реиҿкаара апроект шазнархиахьо.
Иахьатәи аамҭазы арҭ аҭыԥқәа рҟны аус руеит амшын аҟәара зырҽеиуа агреидерқәа, аҽеилаҳәарҭақәа аахәоуп, амшынтә транспорт азона ҳәааркуп, амшын ахь уназго амҩақәа фымцалашалара еиқәыршәоуп.
Мчыбжьык аԥхьа асасааирҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи, аресторанқәеи асанитартә нормақәа ишрықәшәо азы ргәаҭара мҩаԥган.
Аԥхын алагамҭаз имҩаԥгахоит амҩа хадақәа рҟны ажратә рҽеиратә усурақәа. Ақалақь аҟны аканализациеи аӡымҩангагатә трубақәеи неиԥынкылан иԥсаххаанӡа акаҭран рҿыцны ақәҵара ҵак амам азы имҩаԥыргоит уажә изҿу аҽраԥшратә усурақәа иҳәеит Ӡиӡариа.