ConIFA ачемпионат амҩаԥгара Қырҭтәыла заԥырхагахом

© Sputnik / Томас ТхайцукАминстрцәа реилазаара.
Аминстрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаԥхьаӡоит Қырҭтәыла агрессиатә политика имҩаԥнаго иацәхьаҵырц агәы иҭам ҳәа

АҞӘА, лаҵарамза 31 – Sputnik. Ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат амҩаԥгара иаԥырхагахарц згәы иҭо Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа рҽышәарақәа лҵшәа роуам ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҟны.

"Ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат амҩаԥгара иаԥырхагахарц згәы иҭо Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа рҽышәарақәа лҵшәа роуам. Урҭ ирылшо ҳтәылақәа рыбжьара аибарххаратә ҭагылазаашьа аԥҵароуп", ҳәа агәра ганы иҟоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Дара иазырыԥхьаӡоит Аԥсны атәылауаа адунеитә уаажәларра рҟәыгара рҽазыршәоит ҳәа Қырҭтәылатәи амчрақәа.

Аминистрраҟны иазгәарҭоит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аоппозициатә партиа "Иаку амилаҭтә ҵысра" изныкымкәа ишырҳәаз Аԥсны атәылауаа адунеитә уаажәларра рҟәыгара иацҵатәуп ҳәа.

"Аоппозициатә партиа агәынамӡара зхылҿиааз Аԥсны ачемпионат амҩаԥысра Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала аҿагылара ахьалнамыршаз ауп. Аспорт ҟазшьа змоу ауснагӡатә аҿагылара ақырҭуа елитазы иаабац акоуп", ҳәа иазырыԥхьаӡоит аминистрраҟны.

Абарҭ амшқәа раан Аԥсны имҩаԥысуа ачемпионат Аԥснахьы аинтерес ду цәырнагеит. Арахь иаанагеит жәларбжьаратәи амассатә хархәагақәа русзуҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0