3:2 ҳәа Сомалилендаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

© Sputnik / Саида Жиба3:2 ҳәа Сомалилендаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит.
3:2 ҳәа Сомалилендаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
3:2 ҳәа Сомалилендтәи ашьапылампыл асцәа Чагостәи ахәмарыҩцәа ириааит.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Конифа ахылаԥшрала Аԥсны имҩаԥысуа адунеитә ашьапылампылтә чемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа, рашәара 2 рзы, Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны еиԥылеит Сомалиленди Чагоси ркомандақәа.

Иазгәаҭатәуп, арҭ аҩ-командак ҩынтә-ҩынтә ишыхәмархьаз, аха мпылкгьы рызҭамыршәыцт.

5:0 ҳәа Пенџьабтәи акоманда Самолилендаа ириааит - Sputnik Аҧсны
5:0 ҳәа Пенџьабтәи акоманда Самолилендаа ириааит

Иаҳҳәозар, Чагосаа Аԥснытәи еизгоу акоманда ианрыцхәмаруаз жә-мпылк роурыжьит, Мраҭашәаратәи Ермантәылаа рҟнытә – 12.

Сомалилендаа ракәзар, Лапландиатәи ахәмарыҩцәа рҟнытә ԥшьымпылк роурыжьит, иара убас хәмпылк Пенџьабаа рҟнытә.

Иахьатәи ахәмарра аинтерес ду аман. Ахәаԥшцәа ргәаанагарақәа рҽеиҩыршеит. Џьоукы аԥыжәара рырҭон Сомалилендаа, даҽа џьоукых Чагосаа.

Аха, иҳамҳәарц залшом, арҭ амшқәа ирылагӡаны Сомалилендаа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбзиабареи ргәыбылреи ишрыԥсахаз. Убри аҟнытә, дара ракәын адгылара зырҭоз.

Ахәмарра актәи аихшараҿы, еиҳа аԥыжәара рыман Чагостәи ашьапылампыл асцәа. Дара Сомалилендаа рымба ҩмпылк ҭадыршәит.

Ахәмарра аҩбатәи аихшараан, ақалақьуаа рыбзиабаҩцәа Сомалилендаа атрибунаҟны итәаз зегьы дыргәырӷьеит, Чагосаа рымба иҭадыршәыз хымпылк рыла.

Абас, 3:2 ҳәа Сомалиленди Чагоси рыиԥылара хырқәшахеит.

Апресс-конференциаҟны, Сомалилндтәи акоманда ахаҭарнакцәа изгәарҭеит, ажәлар рыбзиабара аԥсахаразы ачемпионхарагьы шаҭахым.

© Sputnik / Саида ЖибаПресс-конференция по итогам игры Чагоса и Сомалилэнда.
Пресс-конференция по итогам игры Чагоса и Сомалилэнда. - Sputnik Аҧсны
Пресс-конференция по итогам игры Чагоса и Сомалилэнда.

"Ҳара ҳахәмаррақәа рыла, ҳгәыблыҩцәа ҳмыргәырӷьозаргьы ҟаларын, аха уеизгьы ҳаԥсахеит дара рыбзиабара. Дыҟамзар ҟалап, астадион аҟны иааиз хәыҷык, дҳадгыланы зфотосахьа ҭызымхыз", — хәа азгәеиҭеит Сомалиленд акоманда акаԥдан Амарвир Сандхв.

Аҭагылазаашьа ихы иархәангьы аҭыԥантәи ауааԥсыра сасра итәылахь иааиԥхьеит.

Чагостәи акоманда шымаиааизгьы, агәалаҟазаара бзиа рымоуп. Дара ирулак ирылшеит ҩмпылк аҭаршәра. Ачемпионат иалагӡаны дара рзы ари иреиӷьыу лҵшәоуп.

"Аиашазы, ҳаспортсменцәа раԥхьатәи ахәмарра иалагӡаны аахақәа маҷымкәа ироуит, убригьы маҷк анаҩстәи ҳаиԥыларақәа рҟны ԥынгылас иҟалеит. Ус егьа иҟазаргьы, ҳара ҳзы инасыԥ дууп ари ачемпионат алахәра", — лҳәеит Чагостәи акоманда ашьаҭаркҩы Мари-Сабрина Жан.

Ажәабжьқәа зегьы
0