Ӡаԥшьба: аспорт ҳазхаҵаразы аԥынгылақәа зегь ириааиуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба амҽыша апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба амҽыша апресс-конференциа мҩаԥигеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба амҽыша апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, рашәарамза 5 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба амҽыша апресс-конференциа мҩаԥигеит. Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥгараан азинеиҿкаареи асасцәеи аԥшәмацәеи ршәарҭадара маншәаланы еиқәнаршәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, иҳәеит аминистр апресс-конференциаҟны.

"Иааидкыланы 1500-ҩык рҟынӡа амилициа аусзуҩцәеи 300-ҩык Аҟәа аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи азинеиҿкаара рнапы ианын, лҵшәалагьы инарыгӡеит", — иҳәеит Ӡаԥшьба.

Ачемпионат мҩаԥысит жәаҩа команда ралахәрала. Ауснагӡатә абарахьы инеиит 10 000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшыҩцәа. Аиҳарак урҭ Аԥсны ауааԥсыра роуп. Быжьнызқьҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәи асасцәа роуп. 200-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа ачемпионат ӡырыргон.

Аминистр иара убасгьы аҭак ҟаиҵеит аҭыԥ змаз, Мраҭашәаратәи Ермантәылеи Пенджаби рыхәмарыҩцәа рыбжьара аинцидент азы ажурналист изҵаара.

Иара иажәақәа рыла амилициа аусзуҩцәа аимак аҭышәныртәаларазы ирылшоз ҟарҵеит.

"Уи аинцидент аганахьала аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Амилициа алахәылацәа имҩаԥнагоз зегьы азакәан шьаҭа аман, азакәанеиҿкаара аилагара иаҿагылон", — иҳәеит Ӡаԥшьба.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит акомандақәа рлахәылацәа ахьынхоз аҭыԥқәа зегьы шырыхьчоз. Иара убасгьы дара рынеиҭаҵ-ааиҭаҵраан автокортежқәа шырзалхыз. Иааидкыланы ахархәара рыҭан 60 автопатруль.

Апресс-конференциа хыркәшо Леонид Ӡаԥшьба иазгәеиҭеит ачемпионат Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы ныҳәак ишеиԥшхаз. "Аспорт Аԥсны азхаҵаразы аԥынгылақәа зегьы ԥнарҟәҟәаауеит", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0