Аԥснытәи аԥсылманцәа иԥшьоу Рамадан амза азгәарҭоит

© Sputnik Бадри ЕсиаваАԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа.
Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалагеит аԥсылмантә мзар амзақәа ируаку, иԥшьоу Рамадан амза.

АҞӘА, рашәарамза 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Сынтәа аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амза Рамадан иалагоит рашәарамза 6 инаркны. Адунеи зегь аҟны аԥсылманцәа рҽазыҟарҵоит ари амза иацу аурычра, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа.

"Аурычра ацхыраарала ауаҩԥсы иԥсы даиааиуеит, иҟамло зегьы мап рцәикуеит. Аурычра дыҵанаҵы ауаҩы илшо зегь ҟаиҵоит еиҳа иеиӷьу иганқәа раарԥшразы", — иҳәоит иара.

Амуфҭи иазгәеиҭеит аԥсуа ԥсылманцәа Рамадан амза азыҟазаашьала адунеи аԥсылманцәа зегьы иреиԥшуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла аурычра иаанаго Иаҳхылаԥшхәу иганахьала амҵахырхәароуп. Амза ахы инаркны аҵыхәанӡа ҽынла афатә-ажәтә рҽацәхьаркуеит. Згәы бзиами, ахәыҷқәеи, абыргцәеи уи маҷк аилагара азин рымоуп.

Аурычра иҵоу ауаҩы ихы-иԥсы ааникылоит, Аллаҳ дышимҵахырхәо ааирԥшуеит. Уи Иаҳхылаԥшхәу уизааигәанатәуеит.

Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны Рамадан амза алагара ҳәаақәырҵоит ҩ-хкык рыла: ҿыц игылаз амза абара алыршарала, ма ииасуа амза 30-мшы рыла ахыркәшарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0