Иџьашьатәу аиааира

© Sputnik / Томас ТхайцукConifa алоготип.
Conifa алоготип. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иџьашьатәу аиааира! Избан? Избанзар шамахамзар иҟалаӡом аҩбатәи атаим аҟны ампыл уцәҭашәаны, афиналтә матч анҵәамҭаз уаҵахо, нас ахәмарра ахыркәшара ԥшь-минуҭк шагу ампыл ҭауршәуа.

Sputnik, Роберт Џьапуа

Ари ампыл ԥшӡа ҭаиршәит Руслан Шьониа. Амчрақәа еиҟарахеит.

Иџьашьатәу аиааира! Избан еиҭах иџьашьатәу заҳҳәо? Избанзар апенальти ала ампылҭаршәра кинок иаҩызахеит.

Актәи ампыл ҭадыршәит Пенджабаа. Аҩбатәи-Аԥснытәи акоманда.

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат. - Sputnik Аҧсны
Ааигәа иаҳхамшҭуа аиааира

Ахԥатәи ампылгьы Пенджабаа иҭадыршәуеит.

3:1 ҳәа ануп атабло. Пенджабтәи ахәмарыҩ ампыл дасуеит, аха ҳамбахьчаҩ Алексеи Бондаренко ампыл ааникылоит. 3:3 рҟынӡа инаӡоит иҭадыршәыз ампылқәа рхыԥхьаӡара.

4:4. Нас — 5:5. Ампыл дасуеит Пенджабтәи аспортсмен, аха амба иҭагылоу Алексеи Бондаренко еиҭах илшоит ампыл аанкылара. Аҵыхәтәантәи ампыл. Зегь зыӡбо. Ампыл дасуеит аԥсуа шьапылампыласыҩ. Иҭаиршәуеит…

Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA иачемпионцәахеит.

Аиааира! Аиааира! Шәара шәазхәыц убри аамҭазы астадион аҟны иҟаз закә гәырӷьараз.

Ажәабжьқәа зегьы
0