Раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРаԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа
Раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахатәы бызшәазы раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа.

ГАГРА, рашәарамза 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа Терент Ҷаниа ибаллада "Ақәагьы иаҳа иаҳа асахьы ииасуан" ацыԥҵәаха аҟнытә атекст иазааигәаны ирыҩуан аиҭаҳәа.

"Ҳара иахьа раԥхьатәи аԥышәара ҳҭиуеит. Аиашазы, ҳгәы хыҭ-хыҭуеит. Аха агәра ҳгоит, аԥсуа бызшәеи алитературеи ҳзырҵоз ҳарҵаҩцәа шаҳмырԥхашьо, иҳарҭаз адыррақәа аԥышәара аасҭа ишаиааиуа", — ҳәа азгәарҭеит аушьҭымҭацәа.

Аԥышәара иалатәоу акомиссиа алахәцәа рыхәҭакахьала иазгәарҭеит аҵаҩцәа ҭакԥхықәрала аԥышәара ишазнеиз. Зегьы рыхшыҩ азышьҭны, арҵаҩы дзыԥхьоз ацыԥҵәаха иазыӡыҩрит, анаҩс аҩра рҽазыршәеит.

"Адиолог ала ишьақәгылоу ацыԥҵәаха маҷк иуадаҩзаргьы ҟалап, избанзар, ари абаллада ашколтә программаҿы иарбаӡам. Аха ҳара ҳҵаҩцәа ҳрықәгәыӷуеит. Зегьы қәҿиарала аԥышәара шырҭиуа агәра згоит", — лҳәеит, акомиссиа иалахәу, Гагратәи аԥсуа школ №1 адиректор Хана Гәынԥҳа.

Бзыԥҭатәи аԥсуа абжьаратә школ №1 аушьҭымҭацәа ракәзар, зегьы иаарылукааратәы аԥышәарахь иааит. Ҷкәыни ӡӷаби, аԥышәара здызкылоз рырҵаҩы днарыдкыланы аԥсыуа маҭәала еилаҳәан.

Аиашазы, абас еиԥш аԥсуара ацәа зыҟәныз аԥышәара, ҳара ажурналистцәагьы раԥхьаӡакәны ҳаҭааит.

Бзыԥҭатәи аушьҭымҭацәа ԥсуаҵас реилаҳәара азылӡбеит, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Ельза Амԥарԥҳа.

"Аҵара шықәс аналага аҭаацәа аасыԥхьан, ирабжьазгеит, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьи аԥышәарақәа рыҭиреи раан, аҵаҩцәа аӡәы иламҩашьо, ԥсыуа маҭәала еилаҳәазарц, ҳаԥсуареи ҳкультуреи рӡыргара ишахәо, иара убас, ҳхәыҷқәа рҩызцәа аҿырԥштәы бзиа шыддырбо. Сабжьгара иадгылеит аҭаацәа зегьы. Ишыжәбо еиԥш, ҳгәахәтәы ҳахьӡеит", — лҳәеит Ельза Амԥарԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхатәы бызшәазы раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа.
Ахатәы бызшәазы раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа. - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәазы раԥхьатәи аԥышәара рҭиуеит Гагратәи ашколхәыҷқәа.
     

Иара убас, арҵаҩы лажәа иалалҵеит, ари амаҭәа, аҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа ишақәшәаз.

"Ишыжәдыруа еиԥш, аҭаацәа зегьы финанстә ҭагылазаашьала еиԥшым. Ари амаҭәа иалнаршеит, зегьы реиҟарара", инаҵшьны иазгәалҭеит арҵаҩы.

Бзыԥҭатәи аԥсуа школ иоунажьит 30-ҩык ахьыбҿар, 10-ҩык аҭыԥҳацәеи 20-ҩык арԥарцәеи.

Бзыԥҭатәи аушьҭымҭацәа, аԥышәарақәа рышьҭахь ныҟәара ицоит Санкт-Петербург.

Ажәабжьқәа зегьы
0