Алхра асистемеи анапхгара аформеи ирылацәажәон аиҿкаарақәа

© Sputnik Роберт ДжопуаАԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи алацәажәеит алхра асистемеи анапхгара аформеи.
Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи алацәажәеит алхра асистемеи анапхгара аформеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи алацәажәеит алхра асистемеи анапхгара аформеи.

АҞӘА, рашәарамза 9 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аҟәа, рашәарамза ааба рзы имҩаԥысыз аконференциаҟны Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи алацәажәеит алхра асистемеи анапхгара аформеи.

Аиҿкааҩцәа руаӡәк, ареспубликатә политикатә партиа "Аиашареи аҿиареи рзы Аԥсны жәлар рыфронт" ацхантәаҩ Лаша Сақаниа иажәақәа рыла иахьазы аус зуа асистемақәа рыҩбагь ажәит, урҭ аиҭарҿыцра рҭахны иҟоуп.

"Еилаԥсоу алхратә системазы азакәан апроект актәи аԥхьарала иахьрыдыркылаз инамаданы адепутаттә корпуси атәыла анапхгареи рахь ажәадгала ҟаҳҵар ҳҭахуп — абри азакәан апроект гәыгәҭамыжькәа иаанхарц. Иара убасгьы Апарламенти Ахадеи рыбжьара анапынҵақәа реихшарагьы иалацәажәатәуп. Уи еиҭарҿыцтәуп", — иҳәеит иара.

Апартиа ацхантәаҩ Илиа Шаданиа иазиԥхьаӡоит иҟоу асистема авторитаризм иаднацәылоит ҳәа.

"Иаку Аԥсны" ахада Сергеи Шамба иазгәеиҭеит ипропорцианалтәу алхратә система шалагалатәу. Иара убасгьы апрезиденттә формагьы аԥсахрақәа аҭахуп иҳәеит иара.

Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" аиҳабы Беслан Ешба иҳәеит Апарламент аҟны иҟоу аиҿкааратә гәыԥ жәлар ралхыҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара ишадгыло.

"Иааит аамҭа Апарламент ахь аполитикатә партиақәа рыхьӡала ианнеитәу. Апарламент ахь усҟан иреиӷьу неиуеит. Дара адепутатцәа ракәзаргьы рпартиақәа рҿаԥхьа аҭакԥхықәра рыдлоит", — иҳәеит Ешба.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Ҳара ҳаҩны — Аԥсны" аиҳабы Рауль Лолуа иазиԥхьаӡоит ареспубликаҟны зхархәара хымԥадатәиу амодель аԥшаара шыцәгьоу. Иара иҳәеит атәыла Ахада азинмчрақәа иманы дыҟазароуп, Аминистрцәа Реилазаара акәзар Жәлар Реизара еиҿнакаароуп ҳәа.

Рауль Лолуа иазиԥхьаӡоит ареспубликазы еиҳа еиӷьу форманы апарламент-президенттә ҳәынҭқарратә напхгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0