Ақьырсианцәа Иаҳхылаԥшхәу игылара аныҳәа азгәарҭоит

© Sputnik Илона ХварцкияАқьырсианцәа Иаҳхылаԥшхәу игылара аныҳәа азгәарҭоит
Ақьырсианцәа Иаҳхылаԥшхәу игылара аныҳәа азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза жәба рзы Аԥсны ақьырсиантә уахәамақәа рҟны имҩаԥысит аныҳәатә Анцәаимҵаныҳәарақәа.

АҞӘА, рашәарамза 9 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҟны имҩаԥысит Анцәа игылара аныҳәа иазкыз анцәаимҵаныҳәара ду.

"Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит иаҳхылаԥшхәу игылара иазку аныҳәа ду. Иаса Қьырса иԥсы анеиҭаҭала ашьҭахь ҩынҩажәамш ааҵуаны жәҩанахь дхалоит. Абри рбон хәышәҩык инареиҳаны ауаа: апостолцәа, ишьҭрақәлаҩцәа", ҳәа еиҭеиҳәоит ауахәама аусзуҩ, аигумен Афанаси.

Ацқьацәа румҭақәа ирызку ашәҟәы ишаҳәо ала Иаса Қьырса иԥсы анеиҭаҭала ашьҭахь ҩынҩажәамш рыҩныҵҟа ауаа ирзеиҭеиҳәон Анцәа иӡбахә.

Иаҳхылаԥшхәу абри инаркны иҵаҩцәа лабҿаба дырбом, уи аҽакала урҭ анырра риҭоит. Иҟалоит амшгьы урҭ Адоуҳа Цқьа анрызнеиуа, иаргьы ибара анрылшо.

Ақьырсиан Владимир иҳәеит абри аныҳәа аҽны дшазхәыцуа ауаҩытәыҩса иаҭәашьоу абзиабара еихеиҳалар шакәу.

"Ари Амшаԥ хзыркәшо ныҳәоуп. Иара Иаса Қьырса еиҭеира иадҳәалоуп", — иҳәоит иара.

2016 шықәсазы Амшаԥ ныҳәа мҩаԥысуан лаҵарамза акы азы. Абри аҽны ақьырсианцәа зегьы иргәаладыршәон аџьар икыдырҵаз Иаса Қьырса ахымш рыҽны иԥсы аиҭаҭалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0