Лакрба Моаммер: Аԥсны ҳаҟазар, уахгьы-ҽынгьы ҳаидтәалазар ҳҭахуп

© Sputnik / Пирогов Юрий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорная дорога на Северном Кавказе.
Горная дорога на Северном Кавказе. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳендеқь, Сариара ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Лакрба Моаммер қәрала 80 шықәса днарҭысхьеит. Дазааҭгылоит арԥыси, аԥҳәызбеи рыԥхеибагәашьара, иара убас аԥсуаа "ахыбжа" шныҟәырго аҭоурых.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Арԥыси аԥҳәызбеи аныԥхеибагәашьалак, (аҭырқәцәа ҳрылоуп нас, урҭ ртәи ҳара ҳтәи еиқәшәаӡом), рҳәахьа анеиқәшәалак, ақыҭаҿы абыргцәа аӡәы-ҩыџьа еицҵаны аԥхәызба лҭаацәа рахь ауаа рышьҭуеит. Еилацәажәоит, ашьтәа рзыршьуеит, акрырҿарҵоит, акрырдыржәуеит, ԥсыуа ҵасла аишәа-чара дырхиоит, убас ала иныҟәоит.

© Foto / Сырма АшәԥҳаСариара ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Лакрба Моаммер.
Сариара ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Лакрба Моаммер. - Sputnik Аҧсны
Сариара ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Лакрба Моаммер.

Ара ҳара ҳазланхо аҭырқәцәа рҿы, арԥыси аԥҳәызбеи аныԥхеибагәашьалак, ани аби ҩагыланы аҭаца лҭаацәа рҿы ицоит, иахьнеиуа чаик каҳуак ала иааимлысуеит, усбас еиԥш еицәажәаны. еибагоит. Ҳара ҳахь ақыҭақәа рҟынтә ауаа еизганы, арантәи инеиуа рзы, асасцәа ҳзааит ҳәа, пату рықәызҵаша аиҳабацәа адгаланы, аус ӡбаны, еинрааланы еимлысуеит.

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Дима Габелиа: аҭоурых агәалашәара ҳацзароуп

Аҭыԥҳа дымҵарсны данааргалак, хаҵак длыцуп лара, раԥхьа арԥыс иҩнаҟны дааргаӡом, ауаҩы дзықәгәыӷуа қыҭак аҿы инхо аӡәы иҿы днаганы ддыртәоит, анаҩс зыҟны днаргаз иҷкәынцәа ыҟазар, дара еиҿырцааны, аԥхәызба лҭаацәа рахь ицоит. "Аԥхәызба абарҭ ауаа рыҷкәын дааигеит, аԥҳәызба сыҩнаҟны дыҟоуп, дсасуп, лыхьӡгьы лыхьымӡӷгьы сара истәуп, шәылцәымшәан, лхабар шәдыруаз", — рҳәоит, нас ауаа бжьаҵаны, еинрааланы ачара ахәмарра ус ҟарҵоит. 

Ҳара ҳҟны асас данааилак аџьма акәзааит, ауаса акәзааит, ашьтәа изыршьуеит. Ахы амцабз аҟны аҳәызба ахьшьуа ипашәӡа иааҟарҵоит, анаҩс ахы еиҟәыршаны, иааҿаҳәаны, иҭаҵаны иржәуеит, егьырҭ ажьахәҭақәа аишәаҟны иааганы инықәырҵоит. Амаха арӷьарахь иҟарҵоит, ажәҩашәаҟьа армарахь иҟарҵоит. Ашьҭахь ахцәажәара мҩаԥганы, иззыршьыз дҩагылоит,  аҩнаҟны абырг дыҟазар, асаан инанҵаны, аҳәызба наваҵаны, алымҳа ԥымҟаӡакәа данахцәажәалак ашьҭахь, алымҳа ԥҟаны инықәиҵоит. Нас, досу иқәнаго ахәҭақәа изыршоит. Уи ҳара ҳахь "ахыбжа" ҳәа иашьҭоуп. 

Аԥсны инхо хәыҷгьы дугьы салам рзынасышьҭуеит. Ҭырқәтәыла  аԥсуаа ҳрацәоуп, ҳабзиоуп. Аԥсны ҳаҟазар, уахгьы-ҽынгьы шәаргьы ҳаргьы ҳаидтәалазар ҳҭахуп. Аха, ҳалахь ус иангәышьан, атәым џьара ҳанхоит… Уажәшьҭарнахыс, Анцәа иҳәозар, аиҭанаиааира еиҳа ибзианы иаҳзааиуа амҩа ԥшӡа ҳазшаз иҳаиҭааит"! 

Ажәабжьқәа зегьы
0