АҞӘА, рашәарамза 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь архитектор хада Ҭамара Лакрԥҳа иаҳзеиҭелҳәеит амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭратә палаткақәа рыҟазаара атәы. Хаԥышәала иргылоу зегьы ықәгахоит, лҳәеит лара.
Лакрԥҳа иазгәалҭеит иргылахараны иҟоу апалаткақәа рыргылара абарҭ ажәамшк рыла иалагоит ҳәа.
Лара лажәақәа рыла сынтәа апалаткақәа дыргылоит афирмақәа хԥа, нас дара урҭ арендла изҭаху ирырҭалоит.
"Афирмақәа хԥа идыргылоит еиԥшу апалаткақәа. Дара урҭ ахылаԥшра арҭаларц ануп ҳаилаӡараҟны", — лҳәеит архитектор хада.
Аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭратә палаткақәа ргылахоит Ақалақь Амш азгәаҭарагьы инадҳәаланы.
"Раԥхьаӡа акәны иазгәаҳҭоит Ақалақь Амш. Ҳәарада асасцәа рацәахоит, ҳәарада урҭ амшынԥшаҳәахь инеиуеит. Уаҟа аиҿкаара бзиа ыҟазароуп. Уи адагьы нанҳәазы имҩаԥысраны иҟоуп аиубилеитә фестиваль "Хибла Герзмава приглашает". Усҟангьы ауаа рацәахашт", — лҳәеит лара.
Ахәаахәҭратә палаткақәа ԥшшәылагьы формалагьы еиԥшны иҟазароуп.