АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент афактқәа еиланахәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент афактқәа еиланахәоит. Уи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла "асепаратисттә" регионқәа ҳәа рызнаҳәеит.

АҞӘА, рашәарамза 11 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент афактқәа еиланахәоит,

Аԥсны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа зынӡаскгьы иаздырӡом ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Ари аҳәамҭа мзызны иаиуит АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент 2015 шықәса рзы адунеи аҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иазкны иҟанаҵаз ажәахә аҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла "асепаратисттә" регионқәа ҳәа ахьрызнаҳәаз.

"Урыстәлатәи арратә базақәа Аԥсны рыҟазаара аоккупацианы ҟалашьа амам, избанзар урҭ ара рыҟазаара аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәны ирымоуп", ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент ажәахә аҟны ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаарақәа русура аҭыԥантәи амчқәа аԥырхагоуп ҳәа. Уи зынӡа иашара аҵам ҳәа ирыԥхьаӡоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент 2015 шықәса рзы адунеи аҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иазкны иҟанаҵаз ажәахә алкаақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рҭагылазаашьа аганахьала иобиективм аинформациа аԥхьаҩ иҭоуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0