Ауарӷан музыка "амҽышатә" концертқәа жьҭаарамзанӡа имҩаԥгахалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛука Гаделиа исолотә концерт мҩаԥысит Пицундатәи ауахәамаа аконцерттә зал аҟны.
Лука Гаделиа исолотә концерт мҩаԥысит Пицундатәи ауахәамаа аконцерттә зал аҟны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лука Гаделиа исолотә концерт мҩаԥысит Пицундатәи ауахәамаа аконцерттә зал аҟны амҽышаҽны.

АҞӘА, рашәарамза 13 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Ес-мҽыша, ажьҭаарамзанӡа Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны имҩаԥыслоит ауарӷан музыка аконцертқәа. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Лука Гаделиа.

"Сара сҽазысшәеит еиуеиԥшымкәа иҟоу апрограмма ашьақәыргылара. Уахь иаласҵеит ирылаҵәахьоу арҿиамҭақәа реиԥш иҿыцқәоугьы", — иҳәеит Гаделиа.

Иара иҳәеит аконцертқәа рҟны ауарӷан классика шеиҳау.

"Аконцертқәа рҟны иарҳәахоит Франциа 20-тәи ашәышықәса иатәу амузыка, анемец Борокко иатәу амузыка", — иҳәеит амузыкант.

Гаделиа иажәақәа рыла ауарӷан музыка "амҽышатә" концертқәа жьҭаарамзанӡа имҩаԥгахалоит.

1970 шықәса рзы Пицундатәи ауахәамаҟны иаартын аконцерттә зал. 1975шықәса рзы уа иқәыргылан анемец фирма "А. Schuke" иатәыз ауарӷан. Ауахәамаҟны есышықәса имҩаԥысуеит аклассикатә музыка афестивальқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0