Жәларбжьаратәи Фазиль Искандер ифестиваль Аҟәа иаатит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи Фазиль Искандер ифестиваль Аҟәа иаатит
Жәларбжьаратәи Фазиль Искандер ифестиваль Аҟәа иаатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль амшқәа рзы ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп Мадины Аргәынԥҳа лыспектакль "Ажьақәеи амаҭқәеи", МИТРО атеатртә факультет аспектакль, Сергеи Коковкин иқәыргыламҭа "О, Марат!".

АҞӘА, рашәарамза 14 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҩбатәи Жәларбжьаратәи Фазиль Искандер ифестиваль "Стоянка человека" аатит рашәарамза 13 рзы. Сынтәатәи афестиваль азкуп Искандер ирҿиамҭақәеи атеатри реизыҟазаашьа.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа афестиваль асасцәеи алахәылацәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо:

"Ҳара ҳаигәырӷьоит шәбара, иналукааша аурыс литература аклассик, Аԥсны азышәаҳәаҩ Фазиль Абдул-иԥа Искандер изку афестиваль аҟны", — лҳәеит аминистр.

Афестиваль акураторцәа иреиуоу, асахьаҭыхыҩ Алексеи Шервашиӡе-Чачба иазгәеиҭеит ушьҭантәи афестиваль алитература ишазкхо, арахь ишааԥхьахо Фазиль Искандер ирҿиара ҭызҵаауа зегьы.

Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит Искандер ирҿиамҭала иҭыху афильм "Софичка" Венециа, Биеннал, ишдырбахо.

Сергей Коковкин, Анна Родионова - Sputnik Аҧсны
Искандер матанеирак еиԥш, мамзаргьы иҩызцәа ргәаанагра

Афестиваль акуратор Шьазина Агрԥҳа иазгәалҭеит лара лзы Искандер ирҿиара амаӡақәа рҟәырҷахак шакәу иааԥшхьоу.

Афестиваль аатит Аԥсуа драматә театр аҟны Мадины Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа "Ажьақәеи амаҭқәеи" ала.

Рашәарамза 14 рзы Аԥсуа драматә театр аҟны идырбахоит Александр Ширвиндти Михаил Державини ахьыхәмаруа аспектакль ателеверсиа "Привет от Цюрупы!" Иара убри аҽны, ахәылԥаз ахәаԥшцәа ирбоит МИТРО атеатртә факультет аспектакль, Сергеи Коковкин иқәыргыламҭа "О, Марат!".

Актәи афестиваль мҩаԥысит 2015 шықәса рзы. Усҟан афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны арахь дааит арежиссиор Александр Сокуров. Иара убасҟан иӡырган адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭаго Искандер ирҿиамҭақәеи ироман "Сандро из Чегема" швециатәи асахьаҭыхыҩ Мадлен Рук иазлырхиаз аиллиустрациақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0