Адонор имш аҽны "ашьа ҳамҭас"

© Sputnik / Томас ТхайцукАдонор имш.
Адонор имш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адонор имш аҽны Sputnik акорреспондент Бадри Есиава иҽазԥишәеит адонархара.

Бадри Есиава, Sputnik

Алатын ажәа "donor" аурысшәахь ииаугар "дарить", ухәҭак аӡәы иҭара ауп иаанаго. Аԥсышәалагьы уи "аҳамоуп" иаанаго. Иахьа, адонарцәа абасеиԥш аҳамҭақәа ҟаҵаны, зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхоит.

Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьа адкыларҭа аҟәшаҟны аҳақьымцәеи, алабораториа амедеҳәшьцәеи гәаартыла ҳрыдыркылеит. Дара усеиԥш ирԥылоит ацхыраара ҟазҵарц зҭаху зегьы.

Аҳақьым Мадина Ӷәынџьиаԥҳа иҳалҳәеит ашьалхра далагаанӡа адонор иганахьала ишалшо ала инарҭбааны аинформациа шеилкаатәу. Уи азы иара уаҵәҟьа иҭырҵаауеит угәабзиаратә ҭагылазаашьа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнструменты медперсонала
Инструменты медперсонала - Sputnik Аҧсны
Инструменты медперсонала

Нас, ҳара ҳнеиуеит ашьа ахьырго ауадахь. Уаҟа даара иманшәалоу акресло снантәаланы аҳақьым иҟалҵақәо срыхәаԥшуеит.

Уи ашьеизгагатә пластик аартны:

— Мап ацәышәкуазар?— ҳәа дсазҵаауеит.

— Мап скӡом. Сара уаанӡагьы сшьа рысҭахьеит, — сҳәоит саазԥагьаны.

Арезинатә рххага снапы инакәыршаны, алаборант асԥирҭ снапы агәыр ахьалалҵо инахьылшьуеит, нас ианыҟалҵазгьы цқьа избаанӡа агәыр сда иналалҵоит. Сара сахәаԥшуеит сшьа еизыкәкәаны апластик шыҭнарҭәаауа.

— Шәхы шԥажәбо?— дҵаауеит аҳақьым сыгәцаракны.

Мап, акгьы сныруам. Схы кәаԥӡа избоит. Аҳақьымцәеи сареи ҳаицәажәоит. Дара исарҳәоит сшьа ахәҭак алабораториахь агәаҭаразы ишырышьҭуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукОпределение группы крови
Определение группы крови - Sputnik Аҧсны
Определение группы крови

Уажәазы исылырхыз ашьа архьшәашәага иҭарҵоит. Уаҟа иара 35 мшы рҟынӡа иҵәахызар ҟалоит.

Сара еснагь сгәы иаанагон сшьа аҩбатәи агәыԥ (резус +) ауп изҵазкуа ҳәа, аха уажәы амедикцәа исарҳәоит исымоу резус — ауп ҳәа.

— Ари аҩыза ашьа злоу маҷуп. Иҟалоума адонорцәа ргәыԥ шәалаагалар? – лҳәоит Ӷәынџьиаԥҳа.

Ҳәарада, сақәшаҳаҭхоит.

Ашьа акапанра

Сшьа "рӷьычуеит" ишызбо.

— Ижәга, сазхьааӡом — сҳәоит.

Иара убри аамҭазы сгәы ианырыз лдыруашәа амедеҳәшьа агәыр аасылылхуеит.

"Адунеи зегь аҟны адонарцәа ршьа аныргалак ашьҭахь ахаақәа, ашокалад, зны-зынла акониак рырҭоит, аха ҳара ҳахәышәтәырҭа абиуџьет аҟны уи азыԥхьагәаҭаӡам", — лҳәоит аҳақьым-алаборант.

6-7 шықәса раԥхьа ауп сара аҵыхәтәан сшьа анрысҭаз. Усҟан абри ахәышәтәырҭа иахьеиԥш еиҿкаамызт. Иахьазы иара ҳаамҭа иақәшәо еиқәыршәоуп: иҭбаа-ҭыцәу ауадақәа, амаруга ҿыцқәа, ашьеи аплазмеи рзы архьшәашәага дуқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВзвешивание крови
Взвешивание крови - Sputnik Аҧсны
Взвешивание крови

Ахалаҭ шкәакәақәа зшәызи ҳареи "абзиараз" ҳәа еибаҳамҳәацкәа арахь иааҩналеит гәыԥҩык ауаа. Урҭ гәамҵрак шрымаз мҩашьо иҟан.

— Иҟалазеи?— ҳҵааит ҳара.

Дара иҳарҳәеит арԥыск ахра дшаҿҟьаз. Уи из ԥжәаны арахь дааргеит, аҩбатәи агәыԥ иатәу ашьа илаҵатәын. Арезусгьы- акәны иҟан.

— Ашьа ҳамоуп аха уи хазырҭәаауа ҳҭахуп. Ижәдыруа-шәыздыруа аҭел шәырзас – лҳәеит аҳақьым.

Абри ахҭыс сара лабҿабаны иснарбеит 300 грамм иҟоу аӡәы ишьа егьи изы ԥсҭазаарак еиқәнархар шалшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0