Денис Саманба иҽазыҟаҵара даҿуп маланыҟәала Аҟәеи Москвеи еимеидарц

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Саманба
Денис Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаплакҩы қәыԥш Денис Саманба иҽазыҟаҵара даҿуп маланыҟәала Аҟәеи Москвеи еимеидарц. Аҽа-хымш рыла уи амҩа дықәлоит.

Бадри Есиава, Sputnik

Асеиԥш ихароу амҩа Денис Саманба иҽазыҟаиҵоит хәымз инарзынаԥшуа. Аҳауатә ҭагылазаашьа аума, игәабзиара аума, иус рацәа роума – Денис ихықәкы дацәхьаркуам.

Рашәарамза 18 рзы Денис Аҟәантәи Москваҟа амҩа дықәлоит маланыҟәала.

"Сара амаланҟәа бзиа избоит. Уаанӡа уи хоббик еиԥш сазыҟан, уажәы исыӡбеит иааиԥмырҟьакәа сҽазыҟасҵаларц" — иҳәоит Денис.

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Саманба.
Денис Саманба. - Sputnik Аҧсны
Денис Саманба.

Денис даара иҭахын ари амҩа имацара дықәымлакәа иҩызцәагьы ицзар, аха Аԥсны макьаназы амаланыҟәатә спорт рацәак иӡыргам, убри азы дара машьынала дымҩаԥыргалоит.

"Дарбанызаалак амаланыҟәарныҟәаҩ идыруеит иаԥхьа амашьына ангылоу уи иаԥнаҵоу "аҳауатә арҭмаҟ" апедальқәа рыргьыжьра еиҳа ишармариоу", — иҳәеит Саманба.

21-шықәса ирҭагылоу Денис Саманба иҳәеит имариоу амҩа алхра дшашьҭам. Автомашьынақәа ицзар зыманшәалоу ибагажи ималаныҟәа ахәҭақәеи рныҟәгареи иԥсшьареи рзы шакәу изиҭаху.

Саманба иазгәеиҭеит Аԥсны ацентртә мҩаду ишәарҭоу аҭыԥқәа шамоу, амашьына аԥсҟы зкугьы акыр ишыласуа. Урҭ зегьы иуадаҩу аҭагылазаашьа аԥырҵоит. Ҵыԥх Денис дызлахәыз авариа ҟалеит.

"Убри аҽны сара Аҟәантәи Афон ҿыцҟа амҩа сықәын. Албаарҭақәа руак аҟны сыццакыра сахнаԥаан ахаҵәирҭа саҩнагеит. Анцәа иџьшьаны баҩԥҵәа сыламлеит", — иҳәоит Денис.

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Саманба.
Денис Саманба. - Sputnik Аҧсны
Денис Саманба.

Денис дзықәшәаз амашәыргьы игәҭакы даԥнамырҟәҟәааит. Есыҽны 16 рҟынӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон аха егьырҭ иусқәа ирыхҟьаны жәа-сааҭк рахь илаирҟәыр акәхеит уи аамҭа. Саманба иҳәеит аԥхын еиҳа ишыуадаҩу аҽазыҟаҵарақәа.

"Сгәы иаанагоит ииашаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥугозар, аҳақьымцәа иуарҳәо уқәныҟәозар – акгьы уадаҩӡам. Уи сара агәра згеит ԥшьымз раԥхьа иасҭаз сшьа анализи уажәтәии анеиҿсырԥш".

Денис ишиҳәоз ала иҟазшьа дхәыҷаахыс ишьақәгылеит. Усҟан иара игәамбзиара иахҟьаны иҩызцәа реиԥш абаҩрҵәырахь дызнеиуамызт, дзыхәмаруамызт. Ахәыҷтәы насыԥқәа акыр дрылхәыдан. Даныҩеидас иӡбит аҭагылазаашьа еиҭеикырц.

Денис игәҭакы маҷ-маҷ анагӡара даҿуп. Хәыҷы-хәыҷла ииааирақәа еицылоит. Уаанӡа иара Ԥсоунтәи Краснодарынӡа днаӡахьан. Имҩа иақәирӡит 16 сааҭ. Иара убри аан иазгәеиҭеит Аԥсны аасҭа Урыстәыла маланыҟәала аныҟәара еиҳа ишымариоу.

"Урыстәыла аныҟәара еиҳа имариоуп избанзар уаҟа аилагарақәа акыр ишрықәыӷәӷәоу рдыруеит. Араҟа дасу ишиҭаху дныҟәоит. Ахыҵырҭа Джубгаҵәҟьа еиҳа исзымариахеит Аҟәантәи Афон Ҿыц анеира аасҭа", — иҳәоит Денис дыччо.

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Саманба.
Денис Саманба. - Sputnik Аҧсны
Денис Саманба.

Денис имҩа аамҭа заҟа ицәаго макьана издырам. Иидыруа акоуп – ари амҩа ахы аиааироуп еиҳарак иззырхоу.

"Уажә сара сзызхәыцуа акы заҵәык ауп: адырга "Москва" абара", — иҳәоит Денис.

Денис игәалаиршәоит Ԥсоунтәи Краснодарҟа амҩа данықәыз иҭагылазаашьаз. Иара ишиҳәо ала уи иԥсҭазаараҟны зегь иреиҳау иааиран.

Саманба иаҳзааиртит амаӡа – имҩа еиҳа армариара зылшо. Уи игәаанагарақәа зегьы ирыԥшәмоу, игәҭакқәа зегьы зырмариоу аԥҳәызба лоуп. Денис иара убасгьы дазхәыцуеит иахьатәи иумҭақәа ихшара ианырзеиҭеиҳәо аамҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0