Очамчыра ушьҭарнахыс Ачамчыра акәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент.
Парламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара: "Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-ҵакырадгьылтә шарақәеи анхарҭатә ҭыԥқәа рыхьӡқәеи рзы".

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара: "Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-ҵакырадгьылтә шарақәеи анхарҭатә ҭыԥқәа рыхьӡқәеи рзы". Иара инақәыршәаны Мрагыларатәи Аԥсны анхарҭатә ҭыԥқәа ирзыргьыжьхоит ржәытә хьыӡқәа.

Адепутат Валери Кәарҷиа ишиҳәаз ала иааит аамҭа ареспубликаҟны агеографиатә хьыӡқәа реиҭашьақәыргылара.

"Иахьа уажәраанӡа иҳамам Аԥсны административтә-ҵакырадгьылтә шара зныԥшуа, еидызкыло адокумент. Ари азҵаара аҭыԥ иқәҵатәуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Адепутат иазгәеиҭеит аԥсахрақәа зегьы Очамчыреи, Гали, Тҟәарчали рраионқәа рхадарақәа шақәыршаҳаҭу.

Валери Кәарҷиа иҳәеит аҭоурыхтә географиатә хьыӡқәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ишрылагаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра ахы ианақәиҭха ашьҭахь.

Апроект инақәыршәаны ақалақь Очамчыра – Ачамчыра ҳәа ахьӡ ԥсаххоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0