Аԥсуа-адыга диаспора ркультуреи рлитературеи ирызкыз ахәылԥаз мҩаԥысит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаАрепатриациа.
Арепатриациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәылԥаз рхы аладырхәит аҵарауаа, ауаажәларратә усзуаҩцәа, зыԥсадгьыл ашҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа.

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Аԥсуа-адыга диаспора акультуреи алитературеи ирызкны згәаҭарақәак" ҳәа хьӡыс измаз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсадгьыл ашҟа ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы иахьа рашәарамза 15 рзы.

"Аԥсуа-адыга диаспора рлитература, ркультура рыԥсадгьыл иаҟәыҭханы иҿион. Абри атема ала ахәылԥаз аиҿкаара ҳаӡбеит, избанзар иаҳҭахын адиаспора идырҿиаз акультура, алитература еиҭахгьы иаҳгәалаҳаршәар, ҳазхьаԥшыр. Агәыӷра ҳамоуп ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны хәы змаӡам аҭынха аиқәырхара ҳалшап ҳәа, иааиуа абеиԥарақәа ирхамышҭып ҳәа", — азгәалҭеит ахәылԥаз аиҿкааҩ, аҵарауаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуаҩ Дыжын Чуреи.

Аиԥылара иалагӡаны аҵарауаа ажәахәқәа ирыԥхьеит, ауаажәларратә усзуаҩцәа ирылацәажәеит аԥсуа-адыга диаспора рырҿиаратә ҭынха аҷыдарақәа, уи ацәырҵра иадҳәалаз аҭоурыхтә хҭысқәа.  

Аҵарауаа ззааҭгылаз атемақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Мысҭафа Быҭәба ишьақәиргылаз анбан иазкыз ажәахә, Ҭырқәтәыла имҩаԥгаз афольклортә експедициақәа рылҵшәақәа ирызкыз уҳәа. Ахәылԥаз ахь инеиз алшара рыман акыр аинтерес зҵаз аԥсуа-адыга адиаспора иаҵанакуа ашәҟәыҩҩцәа рырҿиара иазкыз ажәахәқәа рзыӡырҩрра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0