АҞӘА, рашәарамза 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аенергетикеи атранспорти Русбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуа-аурыс ҳәааҟны ажәытә цҳа сынтәа иаадыртӡом, уи аназыԥхьагәаҭоу 2017 шықәса рзоуп ҳәа.
"Уи ацҳа шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп. 2017 шықәса рзы аусура иалаҳаргап ҳәа гәҭакны иҳамоуп", — иҳәеит иара.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада Владимир Путини 2016 шықәса жәабранмзазы реиԥылараан ишьақәдырӷәӷәеит ажәытәтәи ацҳа аусура хацыркхоит ҳәа.