Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьыжь, рашәарамза 22 1941 шықәса рзы афашист Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Абас иалагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Асовет Еидгыла иацәыӡит 27 миллионҩык ауааԥсыра.

Афашизм иаҿагыланы иқәгылеит Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеигьы. Аӷа Аԥсны аҳәаақәа дырзааигәахо даналага аҽыхьчаратә рӷәӷәарҭақәа рыргылара хацдыркит. Иаԥырҵеит анырҵәаратә батальонқәа.

1942 шықәса, нанҳәамзазы аӷа иааникылеит Клыхәра, Марыхә, Санчара ахыҵырҭақәа. Нанҳәа 27 рзы ақыҭа Ԥсҳәы. Амшын иахьаԥныз ахагьежьра иалагеит Аҟәа абомбақәа алазыжьуаз аҳаирпланқәа.

1942 шықәса цәыббрамзазы 46-тәи, аинрал Леселиӡе напхгара зиҭоз ар ажәылара иалагеит. Анемец гәыԥ "эдельвейси" Р. Губази М. Сабашьвилии напхгара зырҭоз Гәдоуҭатәи абатальон аибашьцәеи реибашьра иалҵшәаны Ԥсҳәы ахы иақәиҭхеит. 1943 шықәса алагамҭазы аӷа Аԥсны аҳәаақәа дрыдцан.

Тҟәарчал арацәаҵхыҩцәа, ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа, ажәлар зегьы афронт иацхраауан. Еизыргон аԥара абџьар азы. Убас еизгаз аԥарала иргылан акатер "Комсомолец Абхазии", атанктә колонна "Колхозник Грузии", аҳаирпланқәа "Осоавиахимовец Абхазии".

Атеплоход "Абхазия" аибашьраан асанитартә хәҭа амаҵ азнауан. 1943 шықәса рзы аӷа ибомба анақәҳа, иӡааҟәрылеит.

Аԥснытәи аибашьцәа фырхаҵарыла ирыхьчон рыԥсадгьыд ду — СССР. Дара еибашьуан Брестктәи абааҿы, Кавказ, Москвеи Ленингради рымҵаҿы, Новоросииск, Одесса. Ахы иақәиҭыртәуан Европа.

55 нызқьҩык Аԥсны иалҵыз аибашьцәа рҟынтәи 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан. Уи иартәон Аԥснытәи аибашьцәа рҟынтәи 28%. 17 нызқьи 430-ҩык рыҩныҟақәа ихнымҳәӡеит. Ҩеижәи ҩыџьаҩык ирыхҵоуп ахьӡ ду Асовет Еидгыла афырхаҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0